Ажәабжьқәа

Аԥсны «Арестораторцәа Ргильдиа» аҩбатәи аилатәара

29.07.2013

Иуль 19, аресторан «Аԥра» аҿы Аԥсны аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата имҩаԥнагеит Аԥсны «Арестораторцәа Ргильдиа» аҩбатәи аилатәара. Аиԥылараҿы рхы аладырхәит  абарҭ аресторанқәа рхадацәа: «Аԥра»,  «Ерцахә», «Дем», «Кантри Чикен», «А-бургер» уҳәа убас егь.

 «Арестораторцәа Ргильдиа»  иазгәарҭеит аусура ишалагахьоу атрадициатә чысқәа рыҟаҵара аус аҿы. Аилатәара иалҵшәахеит 2013 шықәсатәи аусқәа имҩаԥгатәу рыплан ашьақәырӷәӷәара.