Ажәабжьқәа

Аҧсуа ҵкы иахьатәи аҧсҭазаара

13.11.2013

Ажәларқәа зегьы рхатәы милаҭтә идеиа рымоуп. Ҳара аԥсуаа ҳмилаҭтә идеиа – ахеиқәырхара иазкуп. Ахеиқәырхара етноск аҳасаб ала.

Аԥсуаа ижәытәӡоу, Кавказ иашьагәыҭу жәларуп. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, Аԥсны адгьылҵакыраҿ ҳақәынхоижьҭеи 5 нызқь шықәса инареиҳауп. Ари аамҭа ала, ҳажәлар ирылшеит даараӡа ибеиоу амилаҭ адоуҳатә аматериалтә культура арҿиара. Иҳамоуп ҭабашьа змаӡам адыррақәа зымҽхакны измоу аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа. Архаикатә аамҭа аҟынтә аҭоурых аазырԥшуа Нарҭаа репос, иахьа аҵарауаа аԥсуа Прометеи ҳәа изышьҭоу Абраскьыл изку аҳәамҭақәа.

Аԥсуаа иҳамоуп ҳхатәы бызшәа – аԥсшәа. Аԥсуа бызшәа ижәытәӡатәиу абызшәақәа ируакуп. Иахьа аԥсшәа ашәарҭара иҭагылоу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Уи зыхҟьо аԥсышәала ицәажәо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара змаҷу азоуп. Аԥсшәа аӡра, иарбанзаалак егьырҭ амилаҭқәа рбызшәақәа рыӡра еиԥш, Адунеи хаҿрак ацәыӡра ауп иаанаго.  Абызшәа асаркьеиԥш ианыԥшуеит изтәу ажәлар рҭоурых, ргьама, рҵас, рқьабз, рхәыцшьа. Убри аҟынтә зхатәы бызшәа зцәыӡыз ажәлар абарҭ абеиарақәа зегьы ирылхәдаахоит. Зхатәы бызшәа зцәыӡыз ажәлар етноск аҳасаб ала аиаӡаара ззмариахо жәлархоит. Ури аҟынтә абызшәа апоблема ҳҳәынҭқарра ихадоу апроблемақәа ируакуп.

Аԥсуа жәлар адоуҳатә культура адагьы, инеиҵыхны арҿиара рылшеит аматерилтә культурагьы. Иара абрахь ауп ихьаҵанакуа ҳара иахьа ҳазлацәажәарц иаҳҭаху Аԥсуа милаҭтә цәамацәа.

Ирҳәоит «Амилаттә цәамаҭәа – амилаҭ ирҭоурыхуп» ҳәа. Асовет мчра шьақәгылаанӡа Аԥсны ахи-аҵыхәеи зегьы ԥсуала акәын рышҽеиларҳәоз, уи ирҵабыргуит Кавказҭҵааҩы, аетнограф Г.Чурсин аԥсуаа ретнографиа иаҵанакуа иусумҭақәа рҿы. Аха ишдыру   еиԥш Асовет ҳәынҭқарра амилаҭра ацәаҳәа ннахуан, иара ахатәы глобализациатә палитика ныҟәнагон, убри аҟнытә иадгыломызт итрадициатәыз амилаҭқәа рҵасқәеи рқьабызқәеи аиқәырхара.

Аҭоурых ҳаламлакәа, ҳазааҭгылап иахьатәи аҭагылазаашьа. Ҳәара аҭахума иахьа аетнос хәыҷқәа рхеиқәырхара, рҵас, рқьабыз, рбызшәа аиқәырхара иаҳагьы иуадаҩхеит. Аха амилаҭтә цәамаҭәа ажәытәан еиԥш аесыҽны акәымзаргьы, иахьа иаҳа лассы-лассы изшәу иубаратәы иҟоуп. Еиҳаракгьы узыргәырӷьаша акакәкы иҟоуп аԥсуа чарақәа рҿы аҭацацәа аԥсуа ҵыкқәа аҭацамаҭәеиԥш иршәырҵо иахьалагаз, иҟоуп араҟа ҩ-вариантк иара итрадициатәу аԥсуа ҵки иахьатәи аҵкы атрадицатә елементқәа злагалоуи, ҳәара аҭахума ари аҩыза афактқәа макьана ирацәаӡам, урҭгьы иахьа аеномода ашьҭыҵра иадҳәалар ҟалоит, аха егьа ус иҟазаргьы зыла иабаз игәы еилнамкаар залшом.

Иахьатәи аԥсуа ҵыкқәа ҳанрылацәажәо зыхьӡ, ҳәарада, иҳәатәу дреиуоуп Шьакаиа Амра, абар уажәшьҭа 20 шықәса ҵуеит Амра амилаҭтә маҭәа аҵахра лнапы алакуижьҭеи «Саныхәаҷыз инаркны аӡахра бзиа избон, сагьыӡахуан. Аибашьра ашьҭахь х-шықәса Черкеск сынхон, убраҟа саамҭа зегьы азыскит амилаҭтә амаҭәа аӡахышьа аҵара. Анаҩс Аҟәа, сԥа 8 шықәса ихыҵуан, акәашарахь дахьныҟәоз амаҭәа иҭахын, снапала изызӡахырц исыӡбеит, изӡахызгьы даара иԥшӡахеит. Ашьҭахь ансамбльқәа рзы аӡахра салагеит, ақыҭақәа рҿы изаҳаз абыргцәа иашьҭалан иаауа иалагеит. Ҭырқәтәылантәи иаауа аԥсуаагьы аӡәырҩы ирзыҳӡаххьеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҿар аԥсу маҭәа иазҿлымҳауп, лассы-лассы аҭаца ҵыкқәа аӡахразы иаҿарҵоит, абаржәыгьы х-ҵкык аҭацацәа рзы ҳаҿуп аӡахра. Аҿар адҵаалоит аныҳәақә, ачарақәа рзы рышәҵаразы.»- азгәалҭеит зџьабаа рацәоу, аха иахьа аԥсуаа ҳзы даара ихадоу Амра.

Аԥсуа ҵкы  иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы иамоу аҵакы рацәоуп. Иара зшәу аҭыԥҳагьы лышьҭрахь дхьанарԥшуеит, аҭакԥхықәра дугьы лықәнаҵоит. Аха ҳара ҳҿар аҭакԥхықәра иацәшәо ракәӡам, уи убарҭоуп дара аԥсуа ҵкқәа рышәҵара бзиа изларбо ала. Ԥсыуала еилаҳәо аҭыԥҳа данааубо улаҿ дхымгылара алшоит Баалоу-ԥҳа Мадина, Ажәеиԥшьаа раҳәшьа реиԥш иҟоу аԥсуаа фольклортә хаҿсахьақәа.

Аԥсуа ҵкы иахьатәи аамҭазы иамоу азҿлымҳара шьақәнарӷәӷәоит ипрофессианалтәи адизаинерцәа рцәырҵра. Ари аҟазара аус аҿы раԥхьатәи аартрақәа рымҩа дықәлеит Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла алахәыла адизаинер Ельвира Арсалиа, лара лнапы алакуп аԥсуа ҵыкқәа ажәларра рыларҵәара иазку апроектқәа рацәаны. Урҭ иреиуоап «Амизанҵкы», «Акәымжәыуаа». Ельвира Арсалиа илалхыз амҩа иқәлан инеиуеит Илона Занҭариеи Мрамза Марыхәбеи реиԥш иҟоу адизаинерцәа. Ҷыдала аԥсуа цәамаҭәа знапы алаку адизаинерцәа русура азҿлымҳара ду амоуп аԥсуа жәлар рҿы, еиҳараӡакгьы аҿар рҿы.

«Сара раԥхьаӡа аԥсуа ҵкы анысшәысҵаз сҭаацәа, сабдуцәа ҳазхылҵыз ҳашьҭра сшахәҭаку, жәала иуеиҭамҳәо иҵаулоу ацәаныррақәа снырит. Сара сзакәыҵәҟьоу снырит, иагьеилыскааит амилаҭтә ҵкы изшәугьы аҭакԥхықәра ду шиднаҵо, иҟазшьа, итәашьа, игылашьа. Иара аҵкы анысшәу зынӡа аҽакалоуп схы шызбо. Аҵыкқәа зегьы еиԥшым, дара зегьы рхатәы ҵакы рымоуп, урҭ рышәҵара аԥсуаа ркультура ҳаҭыр ақәҵара ауп иаанагоу сара стәала. Аҵыхәтәантәи аамҭазы амилаҭтә маҭәа аинтерес азцәырҵит. Сара даара исҭахуп лассы-лассы изшәу ауаа уԥылаларц» - азгәалҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аусуаҩ Басариа-ԥҳа Наала.

Ааигәа зчара руаз, аԥсуа традициатә елементқәа злаз аҵкы зшәыз, Басариа-ԥҳа Амина, изыбгәаԥхеи аԥсуа ҵкы ҳәан ҳанлызҵаа ус лҳәеит «Ҳәара аҭахәма, сара ачаараҿ Европатәи аҭацаҵк сшәысҵаргьы ауан, аха уара утәы ушарԥшӡо даҽакы уарԥшӡом. Насгьы саныхәаҷыз аахысгьы даара бзиа избон аԥсуа цәамаҭәа, сабду икәамжәи икабеи ижәҵаны дандәылҵлоз сара уи саршанхон. Иара уи адагьы аԥсуа ҵкы иаласҵо ыҟаӡам, сыхәҭаахь ала иара аҵкыс аԥсуа ҭыԥҳа илнаала аԥшаара уадаҩуп».

Аҵыхәтәантәи ҩ-шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟ амш аҽны ажәлар рхаԥшьгарала иазгәарҭоит Амилаҭтә цәамаҭәа амшгьы, ари аныҳәа даара ибзианы ирыдыркылеит Аҟәа иқәынхо ауааԥсыра. Аамҭа шыбжьоу арԥарцәа иашьҭалоит акәымжәи акабеи, аҭыԥҳацәа-аԥсуа ҵыкқәа.Уаҩы игәы иамыхәартә иҟам ари амш аҽны ақалакь амҩақәа, изанзар уахьынаԥшлак улаԥш нарықәшәоит Нарҭ Сасрыҟәеи Гәында ԥшӡеи реиԥш еибыҭоу еинаало XXI ашәышықәса иаҵанакуа аԥсуа ҿар. Ари ажәлар рхаԥшьгаратә ныҳәа апропаганда азнауеит амилаҭтә цәамаҭәа, даҽа ԥсык аханаҵоит, амилаҭ еиднакылоит.