Ажәабжьқәа

«Аҧсуа уҧсадгьыл уаҭаа» апрограмма ала раҧхьатәи атуристцәа ргәыҧ

07.04.2015

Мшаҧымза 5, Апсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата адгыларала Аҧсныҟа иааит Ҭырқәтәылантәи 15-ҩык атуристцәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп ҳара ҳџьынџьуаа.

Цәыббрамзв 2014 шықәсазы знапы аҵаҩыз аиқәшаҳаҭра ҭырқәтәылатәи атуристтә фирма «Акмиси» Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿ аус зуа атуристтә фирма «Дольче Витеи» рыбжьара, убри иабзоурахеит раҧхьаӡатәи апроект «Аҧсуа уҧсадгьыл уаҭаа» аиҿкаара. Хықәкыс иамоуп апи апроекти аҧсуа туризыми рырҿиара. Атуристцәа ирырбан Аҧсны аҭыпҧ ҧшӡарақәа: Риҵа, Афон, Аҧсны аныхабаақәа, аҧсуа қыҭа.

Атуристцәа мшаҧы 11 нӡа  Аҧсны иҟазаалоит.