Ажәабжьқәа

Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Золотинск-иҧа!

26.12.2013

Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Золотинск-иҧа!

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәымш иира.

Азин ҳашәҭа ари амш аҽны ашьха ӡыхьеиҧш ицқьоу агәабзиареи, агәамчи шәзеиӷьаҳшьарц. Аҭакҧхықәра ду зцу шәусураҿы ишәыгымзааит ақәҿиарақәеи, аихьӡара дуқәеи, аиааира ҿыцқәеи, ахҭыс бзиақәеи.

Шәара аџьабаа ду змоу шәусураҿы шәгәы рҭынчны анагӡара шәылзыршо амзызқәа ируакуп шәтаацәараҿы иҟоу аманшәалара. Ауаҩы иҧсҭазаараҿы ахшара рааӡара аҵак ду амоуп, араҟа шәара шәеихьӡарақәа дууп. Шәара ишәааӡеит аҧсуа жәлар зыгәдуу ахшара. Ишәзеиӷьасшьоит рыбзиарақәа нагӡаны ишәбаразы.

 Ишәыгымзааит аҧсуа ишықәснаӡа, ҭаацәала аманшәалара, шәгәыӷрақәа зегь нагӡахааит!

Ҳаҭырла,

Генади Гагәылиа