Ажәабжьқәа

Ҳаҭыр зқәу Анзор Кәакә-иҧа!

04.12.2013

Гәахәара дула ишәыдаҳныҳәалоит напхгара зышәҭо Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵра. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых аҿы зегь раасҭа ихьанҭаз ҳәа ззуҳәар ауа 30-тәи ашықәсқәа рзы иаҧҵаз ари Аидгыла иахьа уажәраанӡагьы наӡаӡа ҧхьаҟа узго аидеалқәа ирзықәҧоит. Аинтеллигенциа аҳәынҭқарра аҿиара аус аҿы ианакәзаалак аҭыҧ ду ааннакылон, ус иҟоуп иахьагьы. Ажәа ҟәыш аҭоурых иазныжьны ицо, ҳзырхәыцуа, ҳхьышьҭра ҳхазмыршҭуа ауаа рыхә ҳаракӡаны ишьатәуп. Шәышықәса ирылагӡаны  ҳлитература иӷәӷәаӡа ашьапы иқәзыргылаз ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи рабиҧарақәа ирыбзоураны иахьа иҳамоуп хәы змаӡам, ибеиоу алитература шьахә.

Д. Гәлиа, И. Коӷониа, М. Лакрба. Б. Шьынқәба, Д. Занҭариа, Т. Аџьба уҳәа реиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа Аҧсны анҭыҵгьы хара инеиҩхьеит, урҭ ирылшеит ашәҟәҩыра мацараҿы иаанымгылакәа, уи аҳәаақәа ирҭыҵны азеиҧшуаҩышәаратә ҵакы змоу адоуҳатә ҭынха ааныжьра.

80 шықәса аҧсуа изы – ари қәра маҷым, аха иагьдуцәам, шәҭәымҭа шәҭагылоуп уҳәар ауеит. Иреиҳаӡоу аихьӡарақәа зегьы шәаҧхьаҟа ишьҭазааит! Шәара шәыхьӡала Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалахәу зегьы ақәҿиара дуқәа рзеиӷьаҳшьоит. Агәабзиареи, агәамчи, арҿиаразы агәаҳәареи шәымазааит есқьынгьы!

Ҳаҭырла,

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада

Г. Л. Гагәлиа