Ажәабжьқәа

АА ААП аҳәса-анаплакыҩцәа рыхьӡала аныҳәатә еиҧылара еиҿнакааит

01.03.2018

Аҳәса рымшныҳәа Март 8 аламҭалазы АА Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аресторан «ЕРЦАХӘ» аҟны аныҳәатә еиҧылара мҩаҧнагеит. Аиҧыларахь инаҧхьан ареспублика абизнес-уаажәларра аҟнытә аҳәса рхаҭарнакцәа. 

ААП Ахада ихаҭыҧуаҩ Тамила Мерцхәлаа ААП Ахада Геннади Гагәлиа ихьӡала аҳәса иааиуа аныҳәа рыдылныҳәалеит, рнапы зларкуа аусқәа рыҟны аихьӡарақәа рзеиҕьалшьеит.   

- Иахьа ҳара ҳреспубликаҟны абизнес, аполитика знапы алаку, аминистррақәа, аусбарҭақәа рҿы анапхгаратә маҵзурақәа аанызкыло ҳаҭыр зқәу аҳәса маҷӡам. Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ари аусмҩаҧгатә еиҿнакааит аҧсҭазаараҟны аҧҳәыс лҭаацәараҿы мацара акәымкәа, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рҿы иналыгӡо ароль даҽазныкгьы иаҵшьны иазгәанаҭарц азы, - лҳәеит Тамила Мерцхәлаа.

Уи иара убас иазгәалҭеит аусмҩаҧгатә АА ААП аҟны «Аҧсны аҳәса-анаплакыҩцәа рассоциациа» аҧҵара инақәыршәаны ишеиҿкаау. Ассоциациа Ахантәаҩыс далхуп Амра Ануа – ауарашршаратә зауад «Аҟәатәи» адиректор хада. Уи лкандидатура еицҿакны иеицрыдыркылеит аҧснытәи аҳәса-анаплакыҩцәа.

«Ари аиҿкаара аҧҵоуп аҳәса-анаплакыҩцәа ртәылауаҩратәи рсоциалтә-економикатәи зинқәа рынагӡара, ауаажәларра рыҧсҭазаараҟны ралархәра хықәкыс иҟаҵаны.  Ари даҽазныкгьы аҧснытәи аҳәса-анаплакыҩцәа рнапынҵақәа, анапхгаратә маҵзурақәа убрахь иналаҵаны,  қәҿиарала рынагӡара шрылшо арҵабыргуеит», - иазгәалҭеит Тамила Мерцхәлаа.

Амра Ануа лажәақәа рыла, аҳәса-анаплакыҩцәа лассы-лассы апроблема дуқәа ирыниоит, иаҧҵоу аиҿкаара урҭ рыӡбараҟны ирыцхраалоит.

- Абизнес знапы алаку аҳәса ирылшо рацәоуп, аха аҳәынҭқарраҿы урҭ рылшарақәа хархәара рыҭаӡам. Убри аҟнытә иҟоу азҵаарақәа хара имгакәа рыӡбара напы аҳаркуеит.  Сусураҿы сара ҳколлегацәа срықәгәыҕуеит. Аҧсуа ҧҳәыс иныҟәылго анреи аҧҳәысреи рыдагьы, уи абизнес аҿы ахаҵагьы диҵахаӡом. Аха убри аангьы адгылара лҭахуп,– ҳәа илыҧхьаӡоит Амра Ануа.

Аныҳәатә еиҧылара иаҵан аҧхарра, ахаара. Аҳәса гәаартыла иеицәажәеит. Урҭ рыхьӡала инагӡан ашәақәа. Дасу изыдтәалаз аишәақәа рыҟны иқәын ААП аҟнытә агәалашәаратә ҳамҭақәа.