Ажәабжьқәа

АА ААП "Аҧсны Аҳәынҭқарра анаплакқәа ркаталог" афбатәи аҭыжьра ацәыргара мҩаҧнагеит.

10.02.2014

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата "Аҧсны Аҳәынҭқарра анаплақәа ркаталог" афбатәи аҭыжьра ацәыргара мҩаҧнагеит.

Жәабран 7 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата "Аҧсны Аҳәынҭқарра анаплақәа ркаталог" афбатәи аҭыжьра ацәыргара мҩаҧнагеит. Аресторан Ерцахә аҿы имҩаҧгаз ацәыргара иаоахәын Аҧсны араионқәа рхадара, аеапаоакыҩцәа, Урыстәыла Афедирациа ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа, ажурналистцәа.

"Ҳара даара ҳгәы иахәоит адгылареи ацхыраареи ахьҳашәҭаз ари ҳколлективтә ус аҿы"- ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Гагәылиа Г.Л.

Иара иажәақәа рыла ари еисышықәсатәи акьыҧхь ихадоу маругахеит Аҧсны ибизнес еилазаара рзы.

"Иҭышәантәалоу асоциал-економикатә ҭагылазаашьа азин унаҭоит акраамҭатәи апланқәа рыҟаҵареи, урҭ рыныгӡареи, ицәырҵуеит амаҵшура, аҭыжьра, апроект ҿыцқәа. Уи ари акаталоггьы ианыҧшуеит, зхыҧхьаӡара еисышықәса аизҳараиаҿу. Раҧхьатәиаҭыжьраан урҭ рхыҧхьаӡара 150-нӡа инаӡозҭгьы, 2014 ш. рзы ҳара иҳамҽҳахкит 1500 еиҳа иҭышәантәалоу анаплакқәа, уи ишьақәнарӷәӷәоит атәылаҿ аекономика аҿиара "- иҳәеит Гагәылиа Г.Л.
Ҵыҧх АА ААП аделегациа аустә аофициалтә визитла иаҭааит Китаи, Бырентәыла, Болгариа, Бельгиа, Голландиа, Ҭырқәтәыла, Киргизиа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Гагәылиа Г.Л. агәыӷра имоуп аҧхьаҩцәа акаталрг аҿы Аҧсны асахьаҭыхцәа русумҭақәа иану ргәаҧхап ҳәа, избан акәзар "жәытә-натә аахыс аус уаа аҟаара иазҿлымҳан". "Иахьа аҧсуа рҿиаратә еилазаараҿы иҟоуп агәыцә ду злоу арҿиаҩцәа, аха урҭ адгылареи ацхыраареи рҭахуп, аҟашареи абизнеси арҿиаратә идеиада изыҟалом"- иҳәеит иара.

Геннади Гагәылиа зегьы ирзеиӷьаишьеит иманшәаланы рнапалакратә усура мҩаҧыргаларц, акаталог дара реимадараҿы ицхыраагӡаны ироурц.
Иазгәаҳҭап, акаталог ацәыргараҿы ишцәыргаз аҧсуа наплакқәа раалыҵқәагьы.
Ахәҳаахәҭратә ҩны "Аҟәа-Бабаевски" адиректор Кәарҷиа Беслан иазгәеиҭеит ари ацәыргара шҿырҧшыгаз ацәыргара амҩаҧгара азы.
"Ҳара ҳхәаахәҭра-ааглыхратә палата зехьынџьара иҳараку астатуси авторитети амоуп. Иара рдыруеит Аҧсныи Урыстәылеи аҳәаақәа ирҭыганы. Иара ирдыруеит Ҭырқәтәылеи Иорданеи уҳәа атәылақәа рацәаны рҿы"- иҳәеит абизнесуаҩы.