Ажәабжьқәа

АА ААП ааҧхьарала Аҧсны иаҭааит Германиантәи абизнес-делегациа

07.05.2015

Лаҵара 7, 2015 шықәсазы, уи аҧхьа иҟаҵаз аиқәшаҳаҭра ашьаҭала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҧшьгарала Гагәылиа Геггадии идикылеит Германиантәи абизнес-делегациа.

Иазгәаҭатәуп уи аҧхьа, аделегациа алахәылацәа радгыларала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Германиа имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа ишрылахәыз. Хәажәкырамза 2014 шықәсазы АА ААП злахәыз Потсдам ааглыхыҩцәа Рыклуб аконференциа мҩаҧгахеит Аклуб анапхгара аофициалтә ааҧхьара иҟарҵаз ала, уаҟа АА ААП Ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа дықәгылеит Аҧсны аинвестициатә ҭагылазаашьа иазкыз ажәахә иманы. Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны раҧхьаӡа акәны имҩаҧган Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡыргара. Иара абри ашықәс, ҧхынгәымзазы Берлин имбаҧган Аҧсны аекономикеи ахәаахәҭра-инвестициатә лшарақәеи рӡыргара. 2015 шықәсазы АА ААП алахәын Берлин имҩаҧгаз «Амчыбжь иацәа 2015».

Апалата Ахада дызлахәу аиҧылараҿы иалацәажәахоит авизит ахықәкқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа: Аҧсны аинвестициақәа адыҧхьалараҿы ацхыраара ацаҵареи Аҧсны Аҳәынҭқарреи Германиа Афедиративтә Респубоикеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи.

Иазҧхьагәаҭоу апрограмма ала, аделегациа аҭаауеит аҧсуа ааглыхратә наплакқәа.

Аделегациа Аҧсны иҟазаалоит лаҵарамза 10-нӡа.