Ажәабжьқәа

АА ААП аделегациа 19-тәи атуристтә цәыргақәҵа «Emitt Istanbul-2015» аартраҿы

22.01.2015

Ажьырныҳәа 22 Аҧснытәи аделегациа, АА ААП Ахада Гагәылиа Геннади напхгара зиҭоз, егьырҭ апалата аусуҩцәеи аҭааит 19-тәи атуристтә цәыргақәҵа «Emitt Istanbul-2015» аартра, иара аартра иадгылан Ҭырқәтәыла Ареспублика акультуреи атуризми рминистрра.

Ҵыҧх ари ацәыргақәҵа иалахәын 59 тәыла, ацәыргақәҵа аусура аамҭа иалагӡаны иара иаҭааит 131 нызқьҩык ауаа.

2015 шықәсазы  ацәыргақәҵа«Emitt Istanbul-2015» амҿкааҩцәа иазыҧшуп алахәылацәа атәылакәеи аҭааҩцәеи рхыҧхьаӡара акыр иазҳауеит ҳәа.

Сынтәа ацәыргақәҵаҿы ицәыргахоит атурқәа рзы адгаларақәа анаҩс ицо ахырхарҭақәа рыла: Абу-Даби, Аргентина, Азербаиџьан, Болгариа, Чехиа, Китаи, Крым, Доминикантәи Ареспублика, Дубаи, Мысра, Англиа, Франциа, Германиа, Грециа, Венгриа, Иапониа, Индиа, Италиа, Казахстан, Кениа, Черногоиа, Марокко, Мальдива, Сеишелатәи адгьылбжьахақәа, Сингапур, Словениа, Тунис убас егь.

Ацәыргақәҵаҿы ҳара ҳтәыла ицәыргақәнаҵоит арыжәтәи афатәи рыхрырацәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: аҩы, акониак, ацха, аџьынџьыхәа, ахәырмарҩа, ажьҵаа, ашә, ашәыр уҳәа уб.егь.

Ацәыргақәҵа «Emitt Istanbul-2015» аартызаалоит ажьырныҳәа 25-нӡа.