Ажәабжьқәа

АА ААП аделегациа аҽаланархәит еисышықәсатәи ацәыргақәҵа «Ҭырқәтәыла-Адунеи атәылақәа аҳәаанырцәтәи ахәаахәҭра ацҳа»

01.07.2013

Иунь 18 АА ААП аделегациа, ақ. Сҭамбыл аусуратә визитла иаҭааз, аҽаланархәит еисышықәсатәи ацәыргақәҵа«Ҭырқәтәыла-Адунеи атәылақәа аҳәаанырцәтәи ахәаахәҭра ацҳа» аартра , иара еиҿнакааит Ҭырқәтәыла анапалакыҩцәеи ааглыхыҩцәеи реидгыла Ҭырқәтәыла аекономика аминистрра адгыларала. Аартраҿ иалахәын 130 тәыла рҟынтәи абизнес-делегациақәа.

Ацәыргақәҵа ааиртит Ахеилак ахантәаҩы Рызанур Мирал. Бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, ҭабуп иҳәеи еисышықәса анапалакыҩцәа рызҿлымҳаразы. Ирзеиӷьаишьеит зегьы иманшәалоу аҩ-ганктәи аиԥыларақәеи илҵшәахара аусуреи, уи анаҩс ажәа ииҭеит Ҭырқәтәыла аекономика амистр Зафер Чаглар.

Ари ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит 7 шыҩса раахыс, еисышықәса еиҳа-еиҳа ирацәаны аус уаа еизнагоит, уи иунарбоит аҵакы шамоу Адунеи зегь атәылақәа рзы ари ацәыргақәҵа.

«Ҳара иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит асасцәа араҟа рыҟазаара рзырманшәаларазы. Сақәгәыӷуеит ари ацәыргақәҵа амҩаԥгара иалагӡаны шәара аусецуцәа шәыԥшаап ҳәа, иара убас еицышәзыфеидоу аиқәшаҳаҭрақәа шәнапы аҵажәҩып»,- иҳәет аекономика аминист Зафер Чаглар.

Афициалтә аарнтра ашьҭахь, АА ААП аделегациа  Анапалакыҩцәеи ааглыхыҩцәеи рхеилак аиҳабы Рызанур Мерал иԥылеит, уаҟа иалацәажәан аԥхьаҟатәи ҭырқәтәылатәи аԥсуа напалакыҩцәа реимадара. Аганқәа еибырҳәеит ргәаанагарақәеи ридеиақәеи. Аиԥылара ахыркәшараан аҳамҭақәа реимдара мҩаԥган.