Ажәабжьқәа

АА ААП аделегациа аофициалтә визитла иаҭааит Кыргызтәи Аҳәынҭқарра ақ. Бишкек

07.10.2013

Жьҭаара 1, 2013, шықәсазыКыргызстьан, ақ.Бишкек имҩаҧган Актәи Жәларбжьаратәи  Азиатәи Аконгресс аартра, уи иахьӡын «Иахьатәи ақыҭанхамҩатә технологиақәеи аҵиаақәа рырҵәрақәеи».

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра ааглыхратә палата иаиуит аофициалтә ааҧхьара аоггкомитет ахадара ахьӡ ала. Ари аусмҩаҧгатә аҿы аделегациа хадара азиуан, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-0ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩ-Сенер Гогәуа.

Аконгресс аартраҿы дықәгылеит Кыргызстан аҧыза министр - Жанторо Сатыбалдиев, иара бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит асасцәа зегьы, аконгресс иаҭааз.ҩ Иара иқәгылараҿы иазгәеит «аҵак ду амоуп арҭ реиуа аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара, урҭ аустә еимадарақәа атәылақша рыбжьаҵараҿы ацхыраара ҟанаҵоит».

Ари аконгресс аҿы Аҧсны инаваргыланы рхы аладырхәит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Азербаиджан, Казахстан уҳәа убас егьырҭгьы.

Кыргызстан Аҳәынҭқарра ақ.Бишкек АА ААП аҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Кыргызстан Аҳәынҭқарра ААП акхаҭарнакцәа рҧылара игәы иҭоуп, аинформациа аимадареи аҧхьаҟатәи апалатақәа рыҿиареи ирызку азҵаатәқәа рыла.