Ажәабжьқәа

АА ААП аделегациа Москва имҩаҧысуаз Нижни Новгород ацəыргара аҽаланархəит

17.02.2017

​Жəабран 16 Нижни Новгород Ахадара ааҧхьарала Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата аҽаланархəит Москва имҩаҧысуаз Нижни Новгород ацəыргара, аделегациа анапхгара азылуан АА ААП Ахада ихаҭыҧуаҩ Мерцхəлаа Ҭамила, иара мҩаҧган Москва Аҧсны ацҳаражəҳəарҭа ахыбраҿы.

Ари аусмҩаҧгатə иамҽханакуан ақалақь аекономикатə акультуратə, ааглыхратə, аинвестициатə, аҭҵаарадырратə патенциал аарҧшра.

Аделегациа далахəын Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата атуризм анапхгараҭара аиҳабы Даурҧҳа Инара