Ажәабжьқәа

АА ААП аделегациа Самаратәи ААП ахадареи ирҧылеит

07.04.2014

Мшаҧымза 4, 2014 шықәсазы жәларҩжьаратәи ацәыргақәҵа «Туриндустриа. Ааҧын» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Самаратәи Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аиҧылара иҩаҧнагеит.

Аиҧылараҿ Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аганахь ала иалахәын: ААП ахада ихаҭыҧуаҩ Лышәба А.Н., адәныҟатәи аимадарақәеи аинвистициақәеи рнапхгараҭара азанааҭдырҩы Осиа И.Р., асертификациеи, аустә дырраҭареи анапалакреи рнапхгараҭара азанааҭдырҩы Даурова И.В.

Аиҧылара аамҭаз иалацәажәан Аҧсны Аҳәынҭқарра амнвестициатә зҿлымҳара иамоу, аҳәаанырцәтәи аинвестициқәа рҧыжәара, Аҧсны егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рхәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа.

Аганқәа раҧхьаҟатәи русецура иалацәажәеит ақыҭанхамҩеи, атуризми, ааглыхреи рыҟәшақәарҿы.