Ажәабжьқәа

АА ААП АДЕЛЕГАЦИА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФОРУМ «УРЫСТӘЫЛА АЛАДАТӘИ АГӘАШӘҚӘА» II-ТӘИ АХӘҬА ИАЛАХӘЫН

30.03.2018

Хәажәкырамза 30 рзы Владикавказ иаатит «Урыстәыла Аладатәи агәашәқәа. Алада Урыстәылеи Аладатәи Кавкази, Абжьаратәи Кавкази рҳәынҭқаррақәа рнаплакыҩцәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура арҿиара» иазку жәларбжьаратәи афорум II-тәи ахәҭа. Уи мҩаҧнагоит Аҩада Уаҧстәыла  Ареспублика – Аланиа Аекономикатә ҿиара аминистрреи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Аекспорт адгыларазы ацентри.

Аконференциа иалахәын: Аҩада Уаҧстәыла Ареспублика аекономикатә ҿиара аминистр Казбек Томаев, Алада Уаҧстәыла аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Роин Козаев, Аҩада Уаҧстәыла  Ареспублика - Аланиа ААП ахада Казбек Туганов. Афорум ахь инаҧхьан Ҭырқәтәыла, УА Аҩада Кавказтәи афедералтә округ арегионқәа, Даҕьысҭан, Ингушеҭиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесиеи, Чечентәылеи, Ставропольтәи атәылаҿацәи рыҟнытә аделегациақәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата афорум иалахәын Аҩада Уаҧстәыла Ареспублика Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Казбек Туганови  Икоммерциатәым Автономтә Еиҿкаара «Аҩадатәи Уаҧстәыла Ареспублика - Аланиа Аекспорт адгылара ацентр» адиректор Владимир Хугаеви иҟарҵаз ааҧхьарала. АА ААП аделегациа напхгара аиҭоит АА ААП Асертификациа, аустә информациа, абжьгарақәеи анаплакреи русбарҭа аиҳабы Анна Адлеиҧҳа. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп АА ААП Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи русбарҭа аспециалист Херсон Симониа.

Афорум иалахәыз бзиала шәаабеит раҳәо, Аконференциа ааиртит Аҩада Уаҧстәыла – Аланиа аиҳабыра ахантәаҩы – Ахсарбек Фадзаев. Анаҩс имҩаҧысит апанелтә   дискуссиа: «АУА – Аланиеи Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи, ааигәатәи аҳәаанырцә атәылақәеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа».

АА Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада  ихьӡала Анна Адлеиҧҳа адискуссиа иалахәыз аҧсшәа ралҳәеит. Анаҩс дықәгылеит «2018 шықәсазы Аҧсны аекономика. Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аекономикатә еимадарақәа рырҭбаара» атемала ажәахә ҟаҵаны.  

Амш аҩбатәи азбжазы афорум иалахәыз рзы иеиҿкаан аишәа гьежьқәа: «Ақыҭанхамҩа аҿиареи афатә аалыҵқәа раарыхреи», «Атуризми атранспорттә цҳамҭеи», «Афорум иалахәу ринвестициатә проектқәа».

Афорум аҵыхәтәаны аиҿкааҩцәа аихшьалақәа ҟарҵеит, аицлабра «2017 шықәсазтәи иреиҕьу аекспортер» аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа рырҭеит.