Ажәабжьқәа

АА ААП Ахадара аилатәараҿы Апалата 2015 шықәсазы аҳасабырба ҟаҵан ишьақәыргылан 2016 шықәсазтәи аусуратә план

01.02.2016

Жьырныҳәа 29, 2016 шықәса АА ААП Ахадара аилатәара мҩаҧган. Аилатәара аҳәааҳәа ирҭагӡаны алахәылацәа иазааҭгылеит АА ААП 2015 шықәсазтәи аусура аҳасабрбеи анаҩстәи ашықәсазтәи аусура аплани.

Иаазыркьаҿны дықәгылеит Ахадара Ахада, АА Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Апезидент Гагәылиа Геннадии Леонид-иҧа. Иара иазгәаиҭеит аҳасабрбатә период азы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусура аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русеицура аимадара арӷәӷәара, АА анаплакқәеи анаплакыҩцәеи, УА арегионқәеи, аҳәаанырцәтәи атәылақәеи аимадара абжьаҵареи уи арӷәӷәареи ишадҳәалаз.Аилатәараҿы 2015 шықәса аҳасабрба ҟаҵо иқәгылеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгараҭарақәа реиҳабацәа.

2015 шықәсазтәи аҳасабрбатә жәахәқәеи 2016 шықәсазтәи аплани инырзыӡырҩ ашьҭахь Ахадара алахәылацәа АА ААП аусура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа еиуеиҧшым ргәаанагарақәа рҳәеит.