Ажәабжьқәа

АА ААП Ахадара Аладатщи Новгород аҭаара алҵшәақәа реихшьаала мҩаҧнагеит

29.07.2015

Аҧсны Аҳәынҭқакрра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿ АА ААП Ахада Гагәылиа Генадии, ААП Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр, ақыҭанхамҩеи акуротқәеи атуризми рминистрцәа рхаҭыҧуаҩцәа Владимир Даурови Асҭамыр Ахбеи злахәыз апресс-конференциа мҩаҧган.

Ажурналистцәа рҧылара азкын Урыстәыла 10 иреиӷьу арегионқәа ируаку Аладатәи Новгород аҧсуа делегациа аҭаара алҵшәақәа реихшьаала.

Гагәылиа Геннадии иажәақәа рыла, авизит мҩаҧган Аладатәи Новгород ААП ааҧхьарала.

АА ААП Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Аҧсны ацәыргара азыҟаиҵеит, дазааҭгылеит атуризми аекономикеи рыҟәшақәа. Иара убас ицәырган аҧсуа ҭыжьыҩцәа раалыҵқәа.

Ацәыргара иалахәын аобласть аиҳабыреи аустә еиқәшарақәеи рхаҭарнакцәа, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусуаҩцәа, ақалақь ахадара аиҳабацәа.

Адырҩаҽны Аҧсны аделегациа идикылеит агубернатор ихаҭыҧуаҩ, Евлении Лиулиун. Аиҧылара иалахәын ааглыхреи, ахәаахәҭреи, анапалакреи рминистрра аминистр Александр Макаров, ақыҭанхамҩа аминистр Алексеи Морозов, ахәаахәҭцәеи ааглыхыҩцәеи рхаҭарнакыҩцәа

Адырҩаҽны аделегациа атааит ақалақь Арзамаз –  арегион иреиҳаӡоу ааглыхратә қ ахаҭареакцәа, алақь. Аделегациа рыдыркылеит Арзамас амер, еиуеиҧшым аусбарҭақәа реиҳабацәа, атуризм, ақыҭанхамҩатәи афатәи раалыҵ знапы алаку анапалакыҩцәа.

Геннадии Гагәылиа иажәақәа рыла, Аладатәи Новгород азҿлымҳара аадырҧшит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа аус рыдуларҭа шыҟамыз анеилыркаа ари азҵаарала ацхыраара.

«Иарбан зҵааразаалакгьы ҳара иаразнак аилибакаара ҳауеит, адгаларақәа рацәаны иҳауит, аха ҳара дара ирыдаагало ҳәа акагь ҳамаӡам, аҧсабареи ицқьоу амшыни рыда» - иазгәеиҭеит Гагәылиа.

Авизит алҵшәақәа реихшьаала ҟаҵо, иара иазгәеиҭеит ари авизит алцшәа бзиақәа шаанагар.