Ажәабжьқәа

АА ААП анапхгараҭарақәа рхадацәа ААУ аекономикатә факультет астудентцәа рзы имҩаҧыргеит алекциа

30.04.2015

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусуаҩцәа Аҧснытәы Аҳәынҭқарратә университете аректор Гәарамиа Алеко Алықьса-иҧа иақәшаҳаҭхарала имҩаҧыргеит аекономикатә факультет астудентцәа рҧылара. Аиҧылара аадыртит аекономикатә факультет адекан Озган Ева Константин-иҧҳаи АА ААП ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр Нурбеи-иҧеи, иара дазааҭгылеит алекциа аҵакы. АА ААП анапхгараҭарақәа реиҳабацәа иазааҭгылеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҧҵара аҭоурых, иара ахықәкқәа, ауара аҵакы. Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рнапхгараҭара аиҳабы Габуниа Ииа дазааҭгылеит АА ААП имҩаҧгаго аусура адәныҟатәи аимадарақәа рыбжьаҵаразы. Аҧсны атуризм арҿиара аперспективақәа апроблемақәеи иҟоу ртәы астудентцәа ирзеиҭалҳәеит Атуризм азы анапхгараҭара аиҳабы Даурова Инара. Асертификациа аҟаҵареи атауар ахылҵшьҭра аилкаареи ртәы дазааҭгылеит Аҭҵааи ахәшьареи рнапхгараҭара аиҳаҩы Аџьба Маиа. Астудентцәа гәахәарыла ирыдыркылеит дара ирыдгалаз алекциа, азҵаарақәа рацәаны ирырҭон, алацәажәара иалахәын.Иазгәаҭан, ари аҩыза алекциақәа рымҩаҧгара аҵак ду шамоу.