Ажәабжьқәа

АА ААП аусуаҩцәа ирҭааит Аҳәынҭқарратә реабилитациатә центр аҿы иҟоу аветиранцәа

20.09.2013

Аиааира 20-шықәса ахыҵра аламҭалазы, цәыббра 18, Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата еиҿнакааит Гагра ақалақь Аҧсны Аҳәынҭқарра Ареабилитациатә центр аҭаара. Аделегациа иалахәын: АА ААП ахада ихаҭыҧуаҩцәа Лышәба А.Н. Гогәуа С.Н., АА ААП аусуаҩцәа Допуа А.С., Киут Л., Басариа Н.

АА ААП аделегациа ареабилитациатә цент аҭаара хықәкыс иаман аибашьра аветиранцәа рбареи  иааиуа Ҳиааира Ду рыдныҳалареи.

АА ААП аусуаҩцәа адкылара бзиа роуит. Аиҧылара иҩаҧысит аиҩызаратә ҟазшьала, иалацәажәан ареабилитациатә центр иамоу апроблемақәеи ирҭ апроблемақәа ӡбашьас ирымоуи.

Аиҧылара ахыркәшараан Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аветиранцәа ирырҭеит ирызнаргаз аҳамҭақәа, Ацент иазыҟарҵеит афинанстә цхыраара 50 нызқь мааҭ.