Ажәабжьқәа

АА ААП Черногориа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿы Аҧсны ахаҭарнакра азнауеит

21.04.2016

Иахьа Будва (Черногориа) ацәыргақәҵатә комплекс Jadranski Sajam иаартын 25-тәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа «METUBES». Иара рхы аладырхәит 100 компаниа инареиҳаны 16 тәыла рҟынтәи. Аҭааҩцәа афатәқәа ргьамабара рылшоит, иара убас дара рхаҭабзиаразы аинформациа аиура.

Ари ацәыргақәҵаҿы Аҧсны ахаҭарнакра азнауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа. Аделегациа напхгара азиуеит АА ААП Ахада Гагәылиа Г.Л., иалахәуп Атуризм аза анапхгараҭара аиҳабы Даурова Инара, Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рнапхгараҭара аиҳабы лхаҭыҧуаҩ Мерцхәлаа Ҭамила, Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рнапхгараҭара азанааҭдырҩы Ҭаниа Милана.

«Раԥхьаӡакәноуп ари аусмҩаҧгатә АА ААП ахы ахьаланархәуа. Иофициалтәу Аҧсны акзакь аҭаацәа абанардыруеит ҳҳәынҭқарраҿы иҭыҵуа арыжәтәқәа, афатәқәа, акьыҧхь, аҳамҭаҷ.  Аҧсны ари аҩыза аусмҩаҧгатәқәа аҽалархәра ианаҭоит аҭагылазаашьа ҽыцқәа, аинвесторцәеи аусеицуҩцәеи рыҧшааразы, анаҩсан еицырзыфеидоу аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵаразы», - иҳәеит Гагәылиа Г.Л.

Будва ацәыргақәҵа аус ауеит мшаҧымза 23-нӡа.