Ажәабжьқәа

АА ААП НКАО апалатақәа Рассациациа аилатәара аҽаланархәит

20.06.2014

Рашәара 19 инаркны 20-нӡа Нхыҵ Уаҧстәылатәи Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә ааҧхьарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата АА ААП НКАО Рассациациа изаамҭанытәиу алатәара аҽаланархәит.

Аилатәара рҽаладырхәит Нхыҵ-Кавказтәи Афедиралтә округ иалахәу аҳәынҭқаррақәа рхәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакцәәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахьӡ ала уи далахәын АА ААП Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Лышәба А.Н.

Амш азҵаара иқәгылан анаҩстәи азҵаарақәа: «НКАО ААП Рассациациа аусураҿы амаҵзура ҿыцқәа ралагалара азҵаара», «НКАО ААП Рассациациа аусураҿы алахәылацәа рхыҧхьаӡара аизырҳара азцаара» уҳәа убас егьырҭгьы.

Аустә усмҩаҧгатәқәа рхыркәшара ашьҭахь Нхыҵ Уаҧстәылатәи Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата 20-шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьаратә еилатәара.