Ажәабжьқәа

АА ААП Ставропольтәи атәылаҿацә 25 шықәса ахыҵра иазхыз аусмҩаҧгатәқәа аҽаланархәит

13.06.2016

Рашәара 10 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа АА ААП Ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа, атуризм анапхгараҭара аиҳабы даурова Инара, адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рнапхгараҭара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Мерцхәлаа Ҭамила рхы аладырхәит Ставропольтәи атәылаҿацә Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата 25 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

Аныҳәатә усмҩаҧгатә мҩаҧысуан Ставропольтәи атәылаҿацәАиҳабыра рыҩнаҿы. Иалахәын Ставропольтәи атәылаҿацә аиҳабыра ихаҭыҧуаҩ Андреи Мурга, Урыстәыла Афедирациа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Елена Дыбова, Ставропольтәи атәылаҿацә Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата атәытәтәи ахада.

Иара убри аҽны имҩаҧган Нхыҵ-Кавказтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Рассоциациа.