Ажәабжьқәа

АА ААПи Арзамастәи аделегациеи русуратә еиҧылара

02.07.2013

АА ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ааҧхьарала Аҧсны аусуратә визитла иаҭааит ақ. Арзамас аделегациа.

Арзамастәи аделегациа иалахәын:

-ақ Арзамас ахада, Бузин М.М.

-ааглыхыҩцәеи анапалакыҩцәеи Арзамастәи ассоциациа “Аҿиара” ахада, Лавричев В.В.

-ИАЕ “Пустынь” адиректор хада, Анисимов Е.А.

-ЗҲәА “КТВС-ИНФО” ателеканал “Доброе ТВ” аредактор хада Болотина А.А. уҳәа уб.егь.

Иунь 25, 11 сааҭ рзы отель “Атриум Викториа” аконференц зал аҿы имҩаҧган ақ. Арзамаси Г.Гагәылиа напхгара зиҭо Ахәаахәҭра-ааглыхратә, Аҧсны анапалакыҩцәеи реиҧылареи.

Аҧсны аганахь ала аиҧылара иара иалахәын анаплакқәа рхаҭарнакцәа:  АК “Аҧсныргылара” адиректор хада Тәанба Руслан Рауф-иҧа; Анапалакыҩцәеи ааглыхыҩцәеи Рхеилак ахантәаҩы Осиа Леонид Дырмит-иҧа; ЗҲәА “Строимонтаж” адиректор Цәеиба Гарик Георги-иҧа;

Иалацәажәан  акурорттә инфраструктура, ахәаахәҭра, АКргыларатәи аспорттәи комплексқәеи, атәыла ахаҿы арҧшӡара инеизакны.

Акнференциа ахыркәшараан еимдан агәаларшәагатә ҳамҭақәа, уи ашьҭахь АА ААП анапалакыҩцәеи ааглыхыҩцәеи Арзамастәи  рассоциациа “Аҿиареи” рыбжьара.