Ажәабжьқәа

АА Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Иапониа аделегациеи реиԥылара мҩаԥысит

01.07.2013

Отель Атриум-Викториа аконференц-зал аҿы имҩаԥган АА Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Иапониа аделегациеи реиԥылара, дара усуратә визитла иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра, иара еиҳабыс дрыцын иапониа ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Иссуикаи» аиҳабы Кимура Мицухиро.

Аицәажәара аамҭазы иалацәажәан Аԥсны аинвестициатш ҭагылазаашьа, ара Иапониа абизнес ахаҭарнакырҭа, иара убас иалацәажәан атауартә дыргақәа рышәҟәҭагалара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа инамаданы Аԥсны Иапониа аалыҵ аҭыжьра азҵаатәы.

Аицәажәара хыркәшо аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иԥа ихьӡ ала аделегациа ааԥхьан шьыбжьхьафара аресторан «Ерцахә» ашҟа.