Ажәабжьқәа

Агəыҳалалра зегьы рыҧсҭазаара иахəҭакзароуп

10.02.2017

Аҧсны аҳəынҭқарра Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата ахадара ацхыраара зҭаху рыҭаразы аусура иацнаҵоит. Ишəгəалаҳаршəоит, Ашықəс ҿыц аламҭалаз, Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата Ахада Гагəылиа Геннадии  иаҧшьгарала, апалата аусуаҩцəа аҳамҭақəа рыманы абыргцəа Аҟəатəи рыҩны-аинтернат иаҭааит.

Ахəыҷқəа аныҳəатə гəалаҟазаара рыҭара хықəкыс иҟаҵаны Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата еиҿнакааит 40-ҩык ахəыҷқəа Тҟəарчалнтəи Аҟəаҟəа раагара, урҭ рзы еиҿкаан иҭбааз апрограмма аҳамҭақəа ршарала ихыркəшаз.

Уажəазы Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата ахадара аҧəьгарала Тҟəарчал аҭаара еиҿкаан. Аҧсны жəлар рџьынџьтəылатə еибашьра 1992-1993 ш. рышьҭахь Тҟəарчал ааха ҕəҕəа аман инхеит, амамзаара иахҟьаны иахьауажəраанӡагьы иара аҭагылазаашьа уадаҩуп. Иара араион зегьы идепрессивтəу ацхыраара зҭаху акəны иҟоуп.

Убри зегьы аҳасаб азуны, жəабран 10, Апалата Ахада иабжьгаҩ Мерцхəлаа Тамила хадара ззылуаз Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата аделегациа Тҟəарчал иааргеит 2,5 тонн афатə, уа иҟан: ачашыла, агречка, амакарон, ахəша, аҟəыд.

Кь. Чачхалиа ихьӡ зху тҟəарчалтəи абжьаратə школ №1 азал аҿы Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата аусуаҩцəа заагарҭа маҷу аҭаацəа ирзыршеит афатəқəа, иара иалахəын Тҟəарчал араион Ахада ихаҭыҧуаҩ Виталии Кəыҵниа, араион аҵара аҟəша аиҳабы Лариса Исмелиа. Ацхыраара роуит 41 ҭаацəара. Иара убас ахəыҷқəа рнапаҿы ироуит афотоҭыхымҭақəа ашықəс ҿыц алагамҭаз аусмҩаҧгатəқəа излахəыз рҟынтəи.

-Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата еснагь ацхыраара иаҳəо ацхыраара рырҭалоит. Агəыҳалалратə цхыраара азыҟаҵара Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата аусура ихадоу ахырхарҭақəа ируакуп. Уи аамҭазгьы ҳара Аҧсны анапалакыҩцəа ари азҵаара изҳархьарҧшыр ҳҭахуп. Ҳара ҳгəаанагарала агəыҳалалра ауаа зегьы ирылшоит,- иазгəалҭеит Тамила Мерцхəлаа.

Лара иазгəалҭеит, Ахəаахəҭра-ааглыхратə палата алшарақəа ирҭагӡаны аҧхьаҟагьы агəы иҭоуп агəыҳалалратə акциақəа рымҩаҧгара.