Ажәабжьқәа

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аколлектив апарк аҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаҧыргеит

20.03.2015

Хәажәкыра 19, ашьыжьымҭан инаркны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусуаҩцәа, апалата Ахада Гагәылиа Геннади напхгара азиуа Аиааира ашҭа аҿаҧхьа иҟоу апарк адгьылҵакыра аилыргара иалагеит.

«Ҳара убри аҩыза агәаанагараҿы ҳааит, иаҭахӡам азеиҧ еилыргара амш алаҳәара азыҧшра. Иахьа ҳара иқәаагоит агәам, амҩахәасҭақәа ҳаҧссоит, иқәҩахьо ашьац ықәаагоит, абордиурқәа ҳшәуеит, анаҩсан ҳара иаҭаххоны иҟалозар есымзагьы ари апарк адгьылҵакыыра еилҳаргалоит» - иазгәеиҭеит Гагәылиа Геннадии.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада, иҧхьаӡоит ажәытәан иҟаз атрадициа бзиа ақалақь ауааҧсыреи аиҿкаарақәеи дәылҵны ақалақь ацқьараҿы иахьацхраауаз ҿыц ирҿиатәуп ҳәа.