Ажәабжьқәа

Ахақәиҭра ашҭаҿы иаартуп еснагьтәи афотоцәыргақәҵа «Апрофессионалцәа – ақәҿиара аагаҩцәа»

26.09.2017

​Зус аҿы ипрофессионалцәоу ирызкуп Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы  иаартыз афотоцәыргақәҵа «Апрофессионалцәа – ақәҿиара аагаҩцәа» захьӡу. Ари аусҩмаҧгатә еиҿнакааит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата. Ацәыргақәҵаҿы иаарҧшуп рзанааҭтә ҩаӡара шыҳаракӡоу шьақәзырӷәӷәахьоу ауаа. Ҳтәыла араионтә администрациақәа рхадацәа иаарышьҭит 60-ҩык апрофессионалцәа  рыхьӡқәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аргылаҩ, аҩы ҭазҭәо, аветеринар, ачаӡҩы, аекскурсиа амҩаҧгаҩ, арҵаҩы, анхаҩы, анџьныр, ауасҭа уҳәа убас егьырҭ азанааҭқәа рхаҭарнакцәа. Ацәыргақәҵа аартра рхы аладырхәит иалкааз апрофессионалцәа рхаҭақәа, араионқәа рнапхгара, ауаажәларра, ажурналистцәа.

«Аибашьра еилгеижьҭеи ламысла аус зуа апрофессионалцәа раҧхьаӡа акәны абас азҿлымҳара рыҭоуп, уи азы иҭабуп ҳәа расҳәоит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа, иара убас уи ахада Геннади Леонид-иҧа Гагәлиа. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы лассы-лассы зегьы апрагматикатә цәаҩа ахарҵоит, аха сара сгәанала иаҳа ииашоуп ауаҩы абас игәы анҭуго – ауаа ирбо-ираҳауа иџьабаа ахә ҳаракны ианушьо», – иҳәеит иқәгылараҿы Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Леон Кәарҷиа. Иара иажәақәа рыла Асовет аамҭа абзиарақәагьы ацын, иаҳҳәап усҟан иҟан Аџьатә хьӡы-ҧша аллеиақәа, Аҳаҭыртә ӷәқәа, ауаажәлар ирдыруан аусураҿы зҽалызкааз ауаа рыхьӡқәа, урҭ еснагь пату рықәын. Еизҳауа абиҧара рзы уи зеиӷьыҟам ҿырҧшын, иҳәеит Кәарҷиа.

Аџьа аминистргьы иазгәеиҭеит ари аусмҩаҧгатә аҵак ду шамоу, иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи аиҿкааҩцәа – Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадеи аусзуҩцәеи. Иара иажәақәа рыла, атәыла аекономика зыҿиаӡом абизнес маҷи, абжьаратә наплакқәеи аҿиара анрымам, насгьы ажәа риҭеит дарбанзаалак аус зуа атҽылауаҩ ацхыраара шииҭо, аџьатә закәанеидкыла аганахьала аимак-аиҿак иоуазар.

«Афотоцәыргақәҵа «Апорфессионалцәа – ақәҿиара аагаҩцәа» аиҿкаара иаанаго – ааҧсарада, ламысла аус зуа, зҧышәа аҿар ирымаздо ҳауаажәлар иҭабуп ҳәа раҳәароуп. Абас иҟоу аҩаӡара ҳаракы змоу аспециалистцәа роуп ҳапсадгьыл зку», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит Тҟәарчал ақалақь ахада Аида Чачхалиаҧҳа. Лара апрофессионалцәа зегьы аманшәалареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьалшьеит, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аколлективгьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит абри еиҧш аҵак ду змоу апроектқәа рынагӡаразы.

«Ари адунеиаҿ аҧсҭазаара еилашуа иҟазҵо, аҧсҭазаара ҧхьаҟа изго апрофессионалцәа роуп. Здыррақәа рыла иӷәӷәоу, идырҳаз аҧышәала агәымшәара зызҭоу уаауп дара. Иахьа урҭ ҳрыхәаҧшуеит ҳаҭырқәҵара дула, гәахәарала, гәыбылрала. Анцәа иџьшьоуп, абас иҟоу апрофессионалцәа ахьҳамоу, дасу иара иус ҟаиҵалартә еиҧш аҭагылазаашьа ҟазҵо», – иҳәеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа. Иара иазгәеиҭеит иара убас афотоцәыргақәҵа аиҿкаара хықәкыс ишамаз апрофессионалцәа зҿу аусқәа рӡыргара адагьы, дара рхаҭақәагьы ауаа ирдыруа аҟаҵара шакәыз.

«Ари афотоцәыргақәҵа абзоурала ҳара даҽазныкгьы апрофессионалцәа русура ишаҧсоу еиҧш ахә ҳаракны иаҳшьар ҳалшоит. Иара убри алагьы дара рхаҭақәагьы еиҳау аҩаӡарақәа рахь ахалара рҽазыршәалоит, адырра ҿыцқәа дырҳалоит, рџьабаа бзабааны ишырҧыло азы агәрагара еснагь ирымазаауеит. Ҳаргьы агәра ҳгалоит апрофессионалцәа аус ахьыруа атәылаҿы ҳанхозар – ҳаҧсҭазаара бзианы ишымҩаҧысуа, аҧеиҧш бзиагьы шаҳзыҧшу»,, – ҳәа азгәеиҭеит Гагәлиа.

Афотоцәыргақәҵа еснагь иаартызаауеит. Шықәсык ахь знык афотосахьақәа рыҧсахлоит, ма аекспозициа иацҵахоит араион ахадарақәа рҟынтә иаарышьҭуа аҿыцқәа рыла.