Ажәабжьқәа

Анапалакратә усура аҳәынҭқарратә аус ақәҵара азы акомитет ақ. Тҟәарчал аилатәара

30.07.2013

Иуль 26 анапалакратә усура аҳәынҭқарратә аус ақәҵара азы акомитет Аҧсны Аҳәынҭқарра ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ақ. Тҟәарчал аилатәара мҩап ҧнагеит. Аилатәара хантәаҩыс даман аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Шьалашоьаа Заур Иван-иҧа.

Аилатәара рхы аладырхәит Тҟәарчал Ахадара ахаҭарнакцәеи анаплакқәа рхадацәеи.

Аилатәараҿы иара убас иалахәын: Агро-ааглыхратә комплекс арҿиара азы акомитет ахантәаҩы Шат-иҧа Хатуна Акаки-иҧҳа; ААУ арҵаҩы, Агро-ааглыхратә комплекс арҿиара азы акомитет алахәыла Мирцхәлаа Илона Валери-иҧҳа, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, профессор Воробьев Николаи Николаи-иҧа, иара убас Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата азанааҭдырыҩцәа.

Анапалакратә усура аҳәынҭқарратә аус ақәҵара азы акомитет иаҭа егьырҭ араионқәагьы рҭаара азыҧхьагәаҭаны иамоуп.