Ажәабжьқәа

Анаплакқәа Ркаталог-2015 ацәыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган АА ААП алахәылацәа аҳамҭақәе аҳаҭыртә хьӡқәеи ранашьара

13.02.2015

Жәабран 12, 2015 шыкәсазы аресторан «Ерцахә» аҿы АА ААП алахәылацәа «АА ААП ҳаҭыр зқәу алахәылацәа» ҳәа ахьӡ рыхҵара иадҳәалаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа инапала анапалакыҩцәа амедальқәеи асертификатқәа ранашьара.

Иазгәаҳҭап, АА ААП раҧхьаӡа акәны ишаднакылаз АА ААП алахәылацәа аҳамҭақәа рыҭаразы ақәҵара.

Ишәгәалаҳаршәоит, Апалата еиҿкаан 2002 шықәсазы. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ианеиҿкааз амш инаркны иҭбаау иуадаҩу амҩа ианысит. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата активла аус ауан Аҧсны аҩныҵҟеиҧш, аҳәаанырцәгьы. Иахьа  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ирылахәуп, ааигәеи ахареи аҳәаанырцәтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәеи иареи аусеицуразы 80 еиқәшаҳаҭра инареиҳаны ирыбжьоуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата еисышықәса аҽаланархәуеит еиуеиҧшым жәларбжьаратәи афорумқәа, аконгрессқәа, ацәыргақәҵақәа. Аҵыхәтәантәи ҳара ҳаихьӡарақәа ируакуп Берлин имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа «Амчыбжь иаҵәеи» Стамбул имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа «Emitt 2015» рыҽрылархәра.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа, еиҳа активла анапалакратә усура мҩаҧызго ралкаарази аџьшьара рыҭарази ахадара ирыдыркылеит аҳаҭыртә хьыӡқәа раҧҵара:

1. «Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ҳаҭыр зқәу алахәыла»;

2. «Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ҳаҭыр зқәу алахәыла амедаль аҭареи»;

3.«Анаплакқәа рнапхгаҩцәа ахәаахәҭра-ааглыхратә палата амедаль ранашьареи»;

Аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьара ацеремониа мҩаҧигон Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ҳаҭыр зқәу алахәыла ҳәа ахьӡ ранашьан анаҩстәи аиҿкаарақәа:

-ЗҲәА «Александров и Папаскири» (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Атриум-Викториа» (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Елиф» (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Абхазпродукт» (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Гаруда-експресс» (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Премиум» (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Мега-Транс» (ақ. Аҟәа);

-ЗҲәА «Аҟәатәи» ауарашршырҭатә зауад» (ақ.Аҟәа);

-ХА Качараа Омистер Мирон-иҧа (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Аква-Гефест» (Аҟәа араион, ақ.Ачадара);

-ЗҲәА «Позиив» (Гәылрыҧшь аҳабла);

-ЗҲәА «Аква-Сервис» (Гәылрыҧшь аҳабла);

-ЗҲәА «Фруктис» (Очамчыра араион, ақ. Кындыӷ);

-ХА Гәынба Асида Хазар-иҧҳа (ақ.Гәдоуҭа);

-ЗҲәА «Север» ( ақ. Гагра);

-ХА Быџьба Лиана Виктор-иҧҳа (ақ.Гагра);

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадара рыдҵала «Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ҳаҭыр зқәу алахәыла амидаль аҭареи» ранашьоуп анаҩстәи аиҿкаарақәа-Апалата алахәылацәа:

-ЗҲәА «А-Мобаил» (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Ахра-2006» (ақ.Аҟәа);

-ЗҲәА «Каскад-М» (ақ.Аҟәа);

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадара ирыӡбеит еиҳа активра аазырҧшуа анаплакқәа рнапхгаҩцәа амедальқәа ранашьара:

-ЗҲәА «Аҟәатәи» ауарашршырҭатә зауад» адиректор хада Ануа Амра Григори-иҧҳа;

-ЗҲәА «Гаруда-експресс» адиректор хада  Гаргь Гела-иҧа Ачба;

-анапхгаҩи аминистри Ачба Николаи Владимир-иҧа;

-ЗҲәА «Премиум» адиректор хада Гагәылиа Асҭамыр Геннади-иҧа;

-ЗҲәА «Елиф» адиректор хада Гогәуа сенер Неџьем-иҧа;

-ЗҲәА «Атриум-Викториа» адиректор хада Заркуа Ирина Ражден-иҧха;

-ЗҲәА АҨ «Аҟәа-Бабаевски» адиректор Абесалом Алықьса-иҧа Кәарҷиа

Ари акаталог аиқәыршәаразы, ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусуаҩцәа аус ду мҩаҧыргеит, дара иахьынӡарылшоз Аҧсны аекономика аҟәшақәа зегьы амҽхаркит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит ари акаталог аҭыжьымҭа азҿлымҳара ду аиуп ҳәа анапалакыҩцә рыбжьара, избанзар ҵыҧхтәи аамҭа кьаҿк иалагӡаны инҵәеит. Акаталог атираж 1000 цыра ыҟоуп

Аҧсны Аҳәынҭқарра анаплакқәа Ркаталог абыжьбатәи аҭыжьымҭа ҭыҵит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра анаплакқәа Ркаталог-2015 абыжьбатәи аҭыжьымҭа ҭыҵит. Аҧсны аекономика аҟәшақәа зегьы амҽхаркит. Акаталог атираж 1000 цыра ыҟоуп. Акаталог ианылаз анаплакқәа рхыҧхьаӡара 1500 рҟынӡа инаӡоит.

Акаталог даара иҧшӡоу. Иара ианылеит анаплакқәа рымадаратә дырраақәеи аекономикатә ҟәшақәа рҭагылазаашьеи рыдагьы, акаталог ианылеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра анаплакқәа рӡыргара.