Ажәабжьқәа

АРСМИРА имҩаҧнагаз апресс-конференциа

25.07.2014

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада ихаҭыҧуаҩ Гогәуа Сенер АРСМИРА имҩаҧнагаз апресс-конференциа далахәын. Тема хадас иҟан алхратә закәан аҧсахрақәа ралагалара, убри алагьы ҳара ҳџьынџьуаа аҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәы змоу Ҭырқәтәыла инхо алшара роуеит абжьыҭира.

«Ари азҵаара ҳара аус адааулон 2011 шықәсазгьы. Усҟан Ҭырқәтәыла ахадара азин ҟарҵеит уаҟа абжьыҭира амҩаҧгаразы, аха ҳара аамҭа ҳзымхаӡеит аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбаразы. Сынтәа Жәлар реизара азин ҟанаҵеит Сҭампыл ақалақь абжьыҭиратә ҭыҧ аартра. Ари ҭоурыхтз хҭысуп ҳара ҳажәлар рзы, иҭабуп ҳәан раҳәҳәоит Жәлар Реизара адепутатццәеи ҳауаажәлари ари азҵаараҿы адгылара ҳазҭаз»,- иҳәеит Сенер Гогәуа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада ихаҭыҧуаҩ Гогәуа Сенер иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәыла 1500-ҩык инареиҳаны аҧсуа тәылауаҩшәҟәы змоу ҳџьынџьуаа шынхо, урҭ уашьҭа азин рымоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхра рҽалархәра.