Ажәабжьқәа

Аурелиен де сент Бланкард: Схазы иаасыртит иџьашьатәу, макьана иҭҵаам ари атәыла!

14.12.2017

Ҧхынҷкәын 4-9 рзы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иҟанаҵаз ааҧхьарала ҳтәыла даҭааны дыҟан Бельгиатәи атуристтә фирма «Adventours» анапхгаҩы Аурелиен де сент Бланкард. Уи иаара хықәкыс иаман Аҧсны атуристтә потенциалс иамоу аилкаареи аҧсшьарҭатә-курорттә ҭыҧқәа раҭаареи, аекскурсиатә маршрутқәа реилкаареи – анаҩс Бельгиантәи афранцыз бызшәала ицәажәо атуристцәа Аҧсны раҭаарақәа реиҿкааразы.

Зыӡбахә ҳамоу ауаҩ раҧхьаӡа акәны Аҧсны ахьӡ иаҳаит 2016 шықәса хәыжәкырамзазы, Париж имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа “Salon Mondial du Tourisme a Paris” аҟны. Уи ацәыргақәҵаҟны Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иазнархиаз ҳтәыла астенд даара ирацәаҩны асасцәа аднаҧхьалеит, аинтерес дугьы цәырнагеит. Ацәыргақәҵа алахәцәеи уи аҭааҩцәеи гәахәара дула аҧсуа чысхкқәа ргьы рбон: ашә, акәац, аҧсуа ҩқәа уҳәа. Иара убас ҳҭоурыхи ҳкультуреи ртәы зҳәоз абуклетқәагьы ирызҿлымҳаны ирыҧхьон. Убарҭ дыруаӡәкын Аурелиен де сент Бланкардгьы.

– Аҧсны аӡбахә раҧхьаӡа акәны иахьсаҳаз ацәыргақәҵаҿоуп, уа ишьҭысхыз абуклет иабзоураны. Анаҩс исзыҧшаауаз аматериалқәа рыла еиҳа инарҭбааны иҭысҵааит шәтәыла аҭоурых, гәыкалаҵәҟьагьы бзиа избеит, сгәы азцеит иаразнакала. Убасҟан сгәы иҭаскит, хара имгакәа Аҧсны аҭаара, насгьы европауаа рзыҳәан атурқәа реиҿкаара, даргьы сара сеиҧш ари иџьашьатәу атәыла ссир рхазы иаадыртырц азы, – ҳәа еиҭеиҳәоит Аурелиен де сент Бланкард.

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа асас дахьынӡаҟаз амшқәа зегьы рзы инеицрымшәо ицын, Аҧсны ақалақьқәа ирбо, аҭыҧҧшӡарақәа рахь дымҩахыго. Аурелиен де сент Бланкард дыҟан Гагра ақалақь аҿы, уаҟа иҭиҵааит абарҭ асасааирҭакқәа русушьа: «Вэлнэс Парк Отель Гагра», «Boutique Hotel Apsuana» «Континент Гагра», «Alex Beach», Гранд-отель «Гагра», «Абаҭаа». Аресторанқәа «Гагрыҧшь», «Мохито» рҟны иҟарҵо ачыс агьама ибеит. Пицунда ақалақь аҿы асас даҭааит апансионат «Амзара», Аҟәа – «Karakas Spa Hotel», «Атриум Викториа», аресторанқәа «Дольче-Вита», «Нарҭаа», «Rina» и «Аӡыхь».

Аурелиен де сент Бланкард дырҭааит иара убас Сталин идача, Афонҿыцтәи ауахәама, Афонҿыцтәи аҳаҧы, ақьырсиан дунеи аҟны реиҳа идыру аҭыҧ ҧшьақәа ируаку ақыҭа Каман, аӡиа Риҵа, насгьы Дәрыҧшь ақыҭан аишәа чара издырхиеит. Аҧсны иаҭаара алҵшәақәа дырзааҭгыло, уи ахыркәшамҭаз Аурэлиен дэ сент Бланкард апресс-конференциа мҩаҧигеит, аха ари аусмҩаҧгатә аиҩызаратә ҟазшьа аман, аицәажәара еиҧш имҩаҧысит. Апресс-конференциахь ааҧхьара рыман  ажурналистцәа рынахысгьы, асасааирҭақәа «Атриум Викториа», «Риҵа», «Леон», «Диоскуриа», «Амра», «Wellness park hotel Gagra», «Аҳ Баграт ишьха», «Маяк-Т», «Интер-Сухум» уҳәа рнапхгаҩцәа, аекскурсиатә фирмақәа «Амилаҭтә туристтә еилазаара», «Аҵыҭәақә- Тревел», «Гаруда», «Дильберт-тур», «Аҧсуа-Тур», «Аҧснытур», аекскурсиатә маҵзура «Шлара», иара убас Аҧсны аотелиерцәа ргильдиа аиҳабацәеи, икоммерциатәым аидгыла «Аҧсуа туризм ахеидкыла» анапхгаҩцәеи – арҭ аҩ-еилазаарак раҧҵаҩцәас иҟоуп Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата.

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Атуризм аҟәша аиҳабы Инара Даурова иазгәалҭеит ААП иахьынӡалшо ҳтәылаҿы аҧсшьаратә хырхырҭа арҿиара ишацхраауа.

– Ҳарт лассы-лассы иҳазҵаауеит, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа шәхы зрылашәырхәуеи, изышәҭахи ҳәа, ҽыҧныҳәас иҳазҭогьы дубап. Абар уажәы бельгиатәи атуроператор иаара мацарагьы ишьақәнарӷәӷәоит ҳазҿу аус шлыҵшәадам, аҵак ду шамоу, аҳәаанырцәа ҳаҧсадгьыл аӡбахә аларҵәаразы, – лҳәоит лара.

Аурелиен де сент Бланкард апресс-конференциа алахәцәа ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны аӡбахә ахьиаҳаз Парижтәи ацәыргақәҵаҿы шакәу, уи ашьҭахь аинтернет аҿы ҳтәыла иазку инарҭбаау аинформациа дшашьҭалаз, Аҧсны агәыблырагьы шыикыз.

– Аҧсныҟа саара – раҧхьатәи шьаҿоуп. Аҩбатәи ашьаҿа – арахь ааразы агәаҳәара змоу атуристцәа ргәыҧқәа реиҿкаара акәхоит, – иҳәеит бельгиатәи атуроператор.

Иара иазгәеиҭеит атуристцәа арахь иааны, афотосахьақәа ҭыхны шьҭахьҟа рыхынҳәра мацара шакәым хықәкыс имоу. Урҭ ара қәнагала рыҧсы ршьароуп, доуҳалагьы, цәала-жьылагьы, убри аҟнытә иналукааша аҭыҧқәа зегьы ирҭааратәы амаршрутқәа еиҿкаатәуп.

Бланкард излаиҧхьаӡо ала, аҳәаанырцәтәи аҧсшьаҩцәа Аҟәатәи асасааирҭақәа рҿы иаангылалар еиҳа еиӷьуп, избан акәзар арантә Аҧсны иарбан ҭыҧзаалак ахь ацара зегь реиҳа иманшәалоуп. Хара имгакәа иара далагоит Аҧсныҟа аара зҭаху, афранцыз бызшәала ицәажәо раҧхьатәи аҧсшьаҩцәа ргәыҧ аидкылара, Бельгиантә мацара акәымкәа, адунеи зегь аҟнытә. Уи анаҩс, хәыҷы-хәыҷла англыз бызшәала ицәажәо аҧсшьаҩцәа рзгьы атурқәа реиҿкаара игәы иҭоуп.

Бланкард азҵаара ирҭеит: Бельгиа, хаҭалагьы Бриуссель ақалақь иаҭаар зҭаххо Аҧснытәи аҧсшьаҩцәа рзы атурқәа изеиҿкаауама ҳәа. Уи макьана сазымхәыцыцт, аха ас еиҧш азҵаарақәа рылацәажәара иаҧсоуп, иҟалаша акоуп ҳәа сахәаҧшуеит – иҳәеит иара.

– Аҧсны атәылауаа Бельгиа аҭаара рҭаххозар – уи гәахәароуп, ҳәарада. Сара напхгара зысҭо афирма макьана шықәсык инахыҳәҳәо ауп аус ахьауа, ҳусураҿы еиӷьаҳтәыша маҷым, ари азҵаарагьы хымҧада ҳгәы иҭазаауеит, – иҳәеит Бланкард.

Ауаажәларратә еиҿкаара Икоммерциатәым аидгыла «Аҧсуа туризм ахеидкыла» ахада, аекскурсиатә фирма «Аҵыҭәақә- Тревел» аиҳабы Анна Калиагина леиҿкаара ахьӡала асас бзиала уаабеит ҳәа иалҳәеит, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәагьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит ас еиҧш аиҧылара аиҿкааразы. Лара асас иахь иналырхаз азҵаарақәа аусуратә ҟазшьа рыман: «Иарбан ашықәс аамҭоу атурқәа реиҿкаара игәы ианҭоу, насгьы шаҟа мшы ицалои дара; шаҟаҩ аҧсшьаҩцәа еиднакылалои агәыҧ; иарбан асасааирҭақәоу урҭ аангылар ахьырҭаххаша, насгьы аҧсуа туристтә фирмақәа рыцхыраара идикылома?»

Аурелиен де сент Бланкард иазгәеиҭеит атурқәа 5-6 мшы, ма мчыбжьык иреиҳамкәа ишеиҿикаауа. Макьаназы уи аамҭа азхоит ҳәа иҧхьаӡоит, анаҩс ишцо гәаҳҭап, иҳәеит.

– Мчыбжьык аахыс Аҧсны сыҟанаҵы аҧсшьара аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы рыҭҵаара сҽазысшәеит. Зегь сара сыблала избар акәын, анаҩс атур апрограмма аҩразы. Арахь иаауа аҧсшьаҩы инҭкааны идыруазароуп дахьаауа закәу, иибо-иаҳауа, данаауа аамҭа алихырц азы. Ҳәара аҭахума, дасу иара еиҳа бзиа иибо ашықәс аамҭа алихуеит: аӡәы аҧхын игәаҧхоит, даҽаӡәы – ҭагалан, ма ӡын. Инықәырҧшшәы гәыҧк аҟны 20-ҩык аҧсшьаҩцәа ҟалар ҟалап, – иҳеит Бланкард. Насгьы иациҵеит раҧхьатәи агәыҧ ҳазҭало ашықәс алагамҭазы, иааиуа ааҧынразы раара дшеигәыӷуа.

 – Зегь рыла аара ҳҽаназыҟаҳҵалак, хымҧада, адырра шәаҳҭоит! – иҳәеит Бланкард.

Аҧснытәи аҧсшьаратә фирмақәа аинтерес рыман иабанӡардыруеи Европауаа ҳаҧсадгьыл, аӡбахә раҳахьома ари еиҧш атәыла ҧшӡа? Уи азҵаара аҭак ҟаҵо Аурелиен де сент Бланкард иазгәеиҭеит, аратәи атурфирмақәа иреиӷьны Аҧсны азыҳәан аинформациа аҟаҵара аӡәгьы ишилымшо, ҧхьаҟагьы дареи Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи рыцхыраара дшақәгәыӷуа.

– Сара схаҭагьы имаҷымкәа аматериал аус адызулеит, аха зегь акоуп, шәара шәыцхыраарада сымч ақәымхар ҟалоит ари аус ду, – азгәеиҭеит Бланкард.

Иара излаиҧхьаӡо ала, уажәтәи иаара мацара угозаргьы аҳәаанырцәа Аҧсны ахьӡ аӡыргара иацхраауеит. Аҵыхәтәантәи 20 шықәса рыла Аҧсны даара иӷәӷәаны аҽеиҭанакит, аха аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы зегь акоуп уи аӡбахә маҷны ирдыруеит, аинформациа маҷуп. Убри аҟнытә досу илшо ҟаиҵароуп Аҧсны иазку аинформациа адунеи аларҵәарзы, атәым милаҭқәа рхаҭарнакцәа уи роуразы.

– Сара сҽазысшәоит Аҧсны аганахьала Европа иҟоу агәаанагара аиҭакра, уи ибзианы ирдыруа тәылак аҳасабала аҟаҵара. Адунеи зегь аҿы ус аҟаҵара сылымшар ҟалап, аха сара стәылаҿы – Бельгиа исылшо рацәоуп, акаҿы саангылом. Сара сзы уи ҧышәара дууп, шәара шәзеиҧш, – иҳәеит Бланкард.

Ауаажәларратә еиҿкаара Икоммерциатәым аидгыла «Аҧсуа туризм ахеидкыла» ахада, аекскурсиатә фирма «Аҵыҭәақә- Тревел» аиҳабы Анна Калиагина иазгәалҭеит бельгиатәи атуроператор ихахьы иигаз ахыдҵа аҵак ду шамоу.

– Шәара аҳәаанырцә ҳтәыла ахьӡ ӡырышәгалоит. Аиаша ҳҳәап, Аҧсны анҭыҵ аҧсшьарҭатә тәылак аҳасабала ҳаҧсадгьыл аӡбахә зҳәо атурфирмақәа даара имаҷуп. Атуризм аполитика иахыҳәҳәозароуп, дарбанзаалак ауаҩҧсы азин имазароуп адунеи иахьиҭаху аҭыҧ аҭаара, уи аҿы аӡәгьы ҧырхага ҟаиҵар ауӡом. Ҳара ҳганахьала, иарбан тәылазаалак аҟнытә асасцәа ҳарзыҧшуп, Аҧсны иахьынӡауа иҵауланы ирдырырц, ирбарц азы. Шәара убри аус аҿы шәҳацхраарц ахьышәҭаххаз азы иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәаҳҳәоит! – лҳәеит Калиагина.

Аекскурсиатә фирма «Шлара» аиҳабы Аида Дбар дазааҭгылеит лара лгәаанагарала ипроблеманы иҟоу азҵаара:

– Шәареи ҳареи аус еиҵаҳуазар, заанаҵ иаҳдыруазар ахәҭоуп Бельгиантә аҧсшьаҩцәа ргәыҧ анҳзаауа, иахәҭоу акадрқәа разыҟҵаразы – афранцыз, англыз бызшәақәа рыла ицәажәо аекскурсиамҩаҧгаҩцәа, урҭ атәым бызшәақәа ахьырдыруа анахысгьы ҳҭоурыхи ҳҵас-қьабзқәеи неиҩымсрада ирдыруазароуп, – ҳәа азгәалҭеит лара.

Егьырҭгьы иазгәарҭеит дара рфирмақәа рҿы атәым бызшәақәа здыруа аекскурсиамҩаҧгаҩцәа еиҳарак ирдыруа англыз бызшәа шакәу, аха уашьҭалар, 2-3 бызшәа здыруагьы ауаа маҷымкәа ишҳамоу, афранцыз бызшәагьы уахь иналаҵаны. Аекскурсиатә фирмақәа рнапхгаҩцәа асас игәаладыршәеит Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо атурфирмақәа шырацәоу, Аҟәа мацара дара 15 ыҟоуп, зынӡа – 80 фирма. Насгьы урҭ зегьы бельгиатәи атурфирма аус ацура рҭахын. Нас иарбан критериақәоу шәара шәзызҿлымҳау урҭ зегь рҟынтә аус зцыжәуша афирма алхраан, аклиентцәа рахҳәаақәа шәрыхәаҧшуама, мамзаргьы фирма заҵәык акәу иалышәхуа – ҳәа азҵаарақәа ҟарҵон аҧсуа турфирмақәа реиҳабцәа.

Аурелиен де сент Бланкард иазгәеиҭеит аҭыҧантәи акомпаниақәа аус рыцура шиҭаху. Апартниорцәа ралхра атәы дазааҭгыло иҳәеит, азанааҭдырреи, апрофессионализми аҭыҧ ду шааныркыло урҭ ралхраҿы, насгьы акомпаниа иамоу аидеиақәа, ахықәкқәа. Данцо атурфирмақәа рҭелқәеи рҭыӡҭыҧқәеи шиго атәгьы иҳәеит Бланкард, ианаҭаххо иаразнак ала аимадара ашьақәыргыларазы.

–Арахь саара бзиарас иалоу атәы ҳазааҭгылозар, аҳәаанырцәтәи аҧсшьаҩцәа Аҧсны аҭаара ргәаҧхаразы уи иҟанаҵо маҷым. Сара даара анырра ду снаҭеит акультуратә хәҭа, адоуҳа, еиҳаракгьы Афонҿыцтәи ауахәама аҭаара. Аҧсны аара угәазырҧхо акакәны иҟоуп иара убас арахь аара рацәак ауадаҩра ахьацым, иагьыхараӡам Европантә идәықәло изы. Иазгәаҭатәуп иара убас, шәтәылаҿы иарбанзаалак аҿкы-чымазарақәа шыҟам, уигьы даара акраанагоит. Абарҭқәа зегь анеицылалак Аҧсны ахыҧша бзиа аларҵәаразы ицхыраагӡа бзиоуп, уи ахырхарҭала аусеицура ҳацәымаашьароуп, – ҳәа игәы иаанагоит атуристтә фирма «Adventours» аиҳабы Аурелиен де сент Бланкард.

Аха иара убри аамҭазы ҧынгылақәас иҟалар зылшо афакторқәагьы дырзааҭгылеит асас, уажәраанӡа зыҧсахра алыршатәыз. Иаҳҳәап, ирбгоу ахыбрақәа, амҩа бааҧсқәа – урҭ зегь рырҽеиразы аамҭа шаҭахугьы еилкаауп, ҳәарада.

Асасааирҭа «Интер-Сухум» аиҳабы Лев Павлов асас диазҵааит, Аҧсны жәларбжьаратәи афорумқәеи аспорттә еицлабра дуқәеи шымҩаҧысуа атәы иаҳахьазма ҳәа. Иагьациҵеит Германиа, Голландиа атәылақәа рҟынтә Аҧсны иаауаз аҧсшьаҩцәа еснагь ара рыҟазаара ахә ҳаракӡаны ишыршьоз, ирбаз-ираҳаз зегь шыргәаҧхоз, аха иахьа уажәраанӡа урҭ рҟынтә аӡәгьы дхынҳәны дшымаац уи ашьҭахь.

Асас иршаҳаҭит Аҧсны иазкны уажәшьҭа иидыруа шмаҷым, ара имҩаҧысуа аусмҩаҧгатәқәа аспорттә турнирқәагьы уахь иналаҵаны, амала аҧсшьаҩцәа знык ада иахьымаауа зыхҟьо макьана ишизымдыруа атәы иҳәеит, иҟалап уи азы ҳара иаҳзеилымкаац рхатә мзызқәа рымазар.

Аурелиен де сент Бланкард адырра ҟаиҵеит Аҧсны ада Кавказ егьырҭ атәылақәагьы дшырҭаахьоу, арахь даанӡа Урыстәылагьы дшаҭааз, избан акәзар иеилахәу атурқәа реиҿкаарагьы гәҭакыс имоуп – аҧсшьаҩцәа зныкала Аҧсныи Урыстәылеи рбаразы. Хаҭала иара итурфирма «Adventours» аҧсшьаҩцәа рышьҭразы хырхарҭас иамаз Финлиандиа акәын, аха уажәшьҭарнахыс рацәак идуум агәыҧқәа Аҧсныҟагьы иаарышьҭлоит.

Аҧснытәи атуристтә фирмақәа реиҳабацәа изларыҧхьаӡо ала, афирма «Adventours» араҟа ахатә хаҭарнак дамазар бзиан, Аҧсны иазкны ихарҭәаау аинформациа еидкыланы изызышьҭлаша.