Ажәабжьқәа

Аурыс-аҧсуа цәыргақәҵа-џьармыкьа аартра мҩаҧган

08.12.2014

Ҧхынҷкәын 8, Аҟәа асасааирҭа «Интер-Сухус» аҿы имҩаҧган Аурыс-аҧсуа цәыргақәҵа-џьврмыкьа аартра мҩаҧган.

Аартраҿы иқзгылеит: Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза –министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Отырба, Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәыла федирациа ахәҳаахәҭратә хаҭарнак Иурии Аикин, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр.

Урыстәыла аганахь ала ацәыргақәҵа иалахәын акомпаниақәа : Аҧсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәыла Афедирациа ахәҳаахәҭратә хаҭарнакра, «Абизнес адгыларазы агентра», Ставропольтәи атәылаҿацә Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата, ЗҲәА «Калориа», Краснодартәи атәылаҿацә, ЗҲәА «ВИЛО РУС» ақ. Москва, ЗҲәА «Диолог» Крснодартәи атәылаҿацә.

 Аҧсуаа рганахь ала иалахәын: «Ашьхымза рашҭа», агрофирма «Лыхны», ЗҲәА «Кәыдры», ХН «Дары Абхазии», ЗҲәА «Напитки Абхазии и Ко», ЗҲәА «Ампа лаша», Гәылрыҧшбтәи ачаӡырҭа «Ачабаба».

Ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Отыра иазгәеиҭеит, «иагьагьы, Аҧсны ишазхиоу ганрацәала аусеицуреи,  аалыҵ хкырацәара Урыстәыла адгалара шрылшо, ҳара ҳазыхиоуп аурыс компаниа «Калориа» аус ацура, иара ахш, ахш лых аалыҵ ауз зладнауло ала».

Ари аусмҩаҧгатә ихадоу хықәкны иамуп наҟ-ааҟтәи асеицуреи, аимадарақәа рыбжьаҵареи рырҭбаареи.