Ажәабжьқәа

Башкортостан Аҳәынҭқарра ААП Ахада Аиааира 20-шықәса ахыҵра инамаданы идныҳәалара

20.09.2013

Башкортостан Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Пустовгаров И.Л. АА Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Аҧсны Аҳәынҭқарра ажәлари Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20-шықәса ахыҵра иазкны адныҳәалара ааишьҭит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра

Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата Ахада

Гагәылиа Г.Л.

Ҳаҭыр зқәу Геннади Леонид-иҧа

Хаҭала шәареи Аҧсны атәылауаа зегьи ишәыдаҳныҳәалоит аҧсуа жлар рхьыҧшымраз Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20-шықәса ахыҵра.

Аҧсуа жәлар даара иуадаҩыз аибашьраҿы фырхаҵарыла аиааира ргеит. Зқьыла зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ау лҵшәада иаанымхеит, ҳара иаабоит аекономикеит ауаажәларратә ҭагылазаашьеи аизҳара ишаҿу.

Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара рыбжьара аекономикатә усецура ҿиалааит иазҳалааит.

Башкортастан Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аколлектив ахьӡала Аҧсны Аҳәынҭқарра иазеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аекономика ашьҭыҵреи, Аҧсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ажәлар зегьы – аманшәалареи агәырӷьареи. Аҭынчреи агәырӷьареи шәыцзааит есқьыегьы!

Ҳаҭырла,

БА ААП Ахада

И.Л.Пустовгаров