Ажәабжьқәа

Башкортостан Ареспублика ААП аделегациа аҭаара алҵшәақәа

31.03.2014

Аҧсны Аҳәынҭқарраеи Башкортосҭани рыбжьара ахәҳахәҭра-економикатә емадарақәа рыбжьаҵареи реиҵыхреи хықәкыс ирыманы ААП аделегациа аиҧыларақәа еиҿнакааит абизнеси Башкортосҭани ахадареи рҿы.

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Башкортосҭан аҭаара аамҭа иалагӡаны ауаажәлар ирырдырын Аҧсны аҭоурых, акультура, аекономикатә ҭагылазаашьа.

Иазыҧхьагәаҭоуп аганқәа реимадара арҿиара, еиҳараӡакгьы ақыҭанхамҩеи акурорттә ҟәшеи рҿы.