Ажәабжьқәа

Берлин «Амчыбжь иаҵәа 2015» аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра

16.01.2015

Ажьырныҳәа 16 Германиа, ақ.Берлинацәыргақәҵатә комплекс Messe Berlin иаартын 80-тәи жәларбжьаратәи иреиҳаӡоу ацәыргақәҵа-џьармыкьа «Амчыбжь иаҵәа 2015», «Green Week», «Grune Woche». Ари ацәыргақәҵа аиҿкааҩыс иқәгылоит 1926 шықәса раахыс ацәыргақәҵатә фирма Messe Berlin GmbH. «Амчыбжь иаҵәа» - ари ара аиҧш зеиҧшроу ацәыргақәҵақәа рҿы изацәыку жәларбжьаратә цәыргақәҵоуп афатә ааглыхреи, ақыҭанхамҩеи, абаҳчааӡареи рҿы аихьӡарақәа аарҧшразы.

АМЧЫБЖЬ ИАҴӘА 2015 атематика еиуеиԥшым:

  • Афатә аалыҵ
  • Ауараш, аҩы, арыжәтә џьбарақәа
  • Акәац, аҭубар
  • Аҧсыӡ
  • Ачаи, аҳаскьынқәа, архаагақәа
  • Ақыҭанхамҩатә маругақәа
  • Арахә
  • Атехникеи амаругақәеи

Традициала 2Амчыбжь иаҵәа аусура аҩныҵҟа иазгәаҭоуп аусмҩаҧгатәқәа жәпакы рымҩаҧгара: асимпозиумқәа, асеминарқәа, афорумқәа, акомитетқәа реилатәара уҳәа егьырҭгьы. Сынтәа ацәыргақәҵа рзы аладырхәит 80 тәыла.

Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьаӡа акзны иалахәуп ари ацәыргақәҵа, иара ахаҭарнакра азнауеит АА ААП Ахада Гагәылиа Геннади хада ззиуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата. «Амчыбжь иаҵәа 2015» алахәылара даара аҵак ду амоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палатазы, иара европатәи атәылақәа рҿы Аҧсны ахаҭарнакразы. Ацәыргақәҵа алахәыларазы азыҟаҵаратә усқәа имаҷмызтз аамҭеи аџьабааи иақәҵаз.

Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа «Амчыбжь иаҵәа 2015» иаартхоит жьырныҳәа 25-нӡа.