Ажәабжьқәа

Берлин имҩаҧысуа ацәыргақәҵа «Амчыбжь иаҵәа 2015» аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара иазҳауеит.

19.01.2015

Ацәыргақәа аартра аҧшьбатәи амш азы иара иаҭаахьан 100 нызқьҩык ауаа.

Азҿлымҳарада инымхеит Аҧсны астенд, иара ачыс хнахит асасцәа. Арыжәтәқәа рыда аекспозициаҿ ицәыргақәҵоуп: ачашә, ашәырҩа, ажьҵаа, асыӡбал, аџьынџьыхәа, ахәырма рҩа, аџьыка, ацха уҳәа убас егьырҭгьы. Ацәыргақәҵа алахәылацәа 80 тәыла рҟынтә аҧсны мацароуп ирцәыргақәҵоу хәыда-ҧсада ирызҭо, егьырҭ атәылақәа ирҭиуеит.

Аҧсны ацәыргақәҵатә стенд иаҭааит Аҧсны еицырдыруа адипломатцәа Дитер Бодени Маурициа Дженкинси, Швециа ақыҭанхамҩа аминистр Свен-Ерик Бухт, Кавказтәи акультуратә центр ахантәаҩы Џьошькәын Абыгба уҳәа убас егьырҭгьы.