Ажәабжьқәа

Босниеи Герцеговинеи Сербсктәи Аҳәынҭқарра аԥшьбатәи Жәларбжьаратәи пленер

31.05.2013

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-Ааглыхратә палата еиҿнакааит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Жәларбжьаратәи пленер ахь рцара, иара мҩаԥнагон Атуристтә еиҿкаара «Биелина» Босниеи Герцеговинеи Сербсктәи Аҳәынҭқарра. Аделигациа аилазаара иалахәын: Даурова И.В.- асертификациеи,аусуратә дырраҭареи, аилацәажәареи, анапалакреи  АА ААП рнапхгараҭара азанааҭдырҩы, аделигациа аиҳабы; Ӡиӡариа А.Г. – Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы; Адлеиба А.С. –  А.К. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор; Қацәба В.И. – Ахәыҷтәы рҿиаратә ҩны «Аинар» адиректор, Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла. Иара убас апленер ахь инеит аҩбатәи делигациа, уи аилазаараҿ Апартиа «Ера» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, асахьаҭыхҩы Аршба Т.Т.; асахьаҭыхҩы – Тарба Б.В.;«Аҿыханҵа» афакультет ААУ астудент – Кәарҷелиа С.А.

Лаҵара 25 жәларбжьаратәи пленер агәырӷьаратә аартра мҩаԥган, уаҟа адныҳәаларатә жәаҳәа ҟаҵо дықәгылеит ақ. Биелина амер Мичо Мичич. Апленер рҽаладырхәит асахьаҭыхыҩцәа: Сербиа, Черногориа, Македониа, Бырзентәыла, Балгариа атәылақәа рҿынтә. Иара убас асахьаҭыхыҩцәа Урыстәыла, Укроина, Белоруссиа аҟынтә. Ҷыдала иазгәаҭан Аԥсны ари жәларбжьаратәи апленер аҿы раԥхьаӡа акәны рхы ахьаладырхәыз.

 Апленер хықәкыс иамаз арҿиаратә уаа реизааигәатәра, атәылақәа ркультурақәа реимадара ауп.

Апленер аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп аҭыԥантәи аблахгыгарҭатә ҭыԥқәа рҭаара, амузеи, агалиреиа, аконцерт. Лаҵарамза 26 рзы агәырӷьаратә ԥылара мҩаԥган, уи иалахәын ақ. Биелина амери егьырҭ ақалақь ахарара ахаҭарнакцәеи. Апленер ахыркәшаразы иҩыз аусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥган, урҭақалақь агалиреиа иазааныжьын.