Ажәабжьқәа

Будапешт атуристтә цәыргақәҵа "Travel Exhibition" аусура иацнаҵоит

09.03.2016

Уажәы аҧхьа ишазгәаҭаз еиҧш хәажәкыра 3-6 Венгриа аҳҭнықалақь Будапешт имҩаҧысуеит жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа"Travel Exhibition". Аҧсны ари ацәыргақәҵаҿы хаҭарнакра азнауеит Гагәылиа Геннадии хадара ззиуа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа.

Ацәргақәҵа раҧхьатәи амшқәа ҭынч имҩасит. Убри аамҭазы иазгәаҭатәуп Аҧсны акәакь азҿлымҳара ду шамаз.

Ахҧатәи амш азы Венгриа иҟоу Қырҭтәыла ахаҭарнак ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа рзы апротест ҟаиҵеит, иазхаҵам аҳәынҭқарра рыдыркылоит ҳәа.

«Арҭ рҩызцәа аусқәа Қырҭтәыла аганахь ала ҳара ҳзы иҿыцым, урҭ рҩызцәа ҟалоит егьырҭ атәылақәа рҿынгьы. Иҟан убри аҩыза хҭыск ахаҭарнак аиҿкаацәа аҭамзаара шьҭашәҵар ауп ҳәа ианырҿагылозгьы», - иҳәеи Гагәылиа Геннадии.

Иара игәалаиршәеит, ААП сынтәа мацара шакәым жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рҿы Аҧсны хаҭарнакра аназнауа Ҭырқәтәыла, Германиа, Италиа, Сериа, Бырзентәыла уҳәа атәылақәа рҿы, ҳәарас иаҭахәыи ари ақырҭцәа иргәаҧхаӡом.