Ажәабжьқәа

Дамаск ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Уалид Маршьан Абаза

16.10.2017

Жьҭаара 15, Дамаск ақалақь аҟны дымҩаҧыргеит Уалид Маршьан Абаза. Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахьӡала апанихида иалахәын ААП аофициалтә хаҭарнак Низар аль Џьаббани, ААП Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аусзуҩы Моҳаммад Али Таташьи.

Уалид Маршьан – аҧсуа жәлар рҵеи лаша, Сириа-Арабтәи Ареспублика ар аинрал-маиор, Сириатәи аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакс дыҟан.

Зыхьӡ нагаз аруаҩ, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы, аҧсуа иаша  Уалид Маршьан игәалашәара бзанҵы иаанхоит ҳагәқәа рҿы.