Ажәабжьқәа

Декабрь 14 – Лаҭатәи атрагедиа 21 шықәса ахыҵит

14.12.2013

Аҧсны иахьа алахьеиқәҵаратә мшы азгәарҭоит – 21 шықәса ахыҵит Лиҭатәи атрагедиа, уи иалҵшәаны Аҧсуа-қырҭуа еибашьраан знык ала 85-ҩык ауааҧсыра рыҧсҭазаара ҿахҵәан, урҭ рхыҧхьаӡараҿ 35-ҩык ахәыҷқәа. Аҧсны амзар аҿы ари амш азгәаҭоуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ахәыҷқәа ргәалашәара иамшны .

Ари амш аҽны, 21 шықәса раҧхьа аурыс вертолет МИ-8 Аҧсны Амрагыларатәи ахәҭа аҟынтә ахҵәацәа алганы Тҟәарчалнтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәын. Амҩа ианықәла 20 минуҭ рышьҭахь, уи аамҭазы ақырҭуа архәҭақәа ирымпыҵахалан иҟаз, авертолет Кәыдрытәи аҩхаа адгьылҵакыра ианахыҧраауаз иҭырҟьан аракета «Земля – Воздух». Ашьха ҭыҧаҿы икаҳаз авертолет ҧжәеит, иҭаз аӡәгьы лаанымхаӡеит.  Авертолет зыҧсы шҭаз иҭаблыз анышә иамадоуп Гәдоуҭа ақалақь аиашьаратә нышәынҭраҿы.

Алахәеиқәҵаратә мәы инамаданы Аҳәынҭқарратә уажәларратә еиҿкаара «Аруаа» иҟанаҵеит Арзаҳал.