Ажәабжьқәа

Еиҿкаауп Аҧсны аотельерцәа ргильдиа

24.06.2016

Рашәара 24, асасааирҭа «Атриум Викториа» аконференц-зал аҿы имҩаҧган аусмҩаҧгатә, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи атуристтә фирама «Дольче- витеи» раҧшьгарала Аҧсны аотельерцәа ргильдиа аиҿкаара иазкыз.

Аусмҩаҧгатә иалахәын АА ААП Ахада Гагәылиа Г.Л., Акурорти атуризми рминистрра аминистр ихаҭыҧуаҩ Ахба Асҭамвр, АА ААП Ахада иабжьгаҩ Мерцхәлаа Ҭамила, Атуризм анапхгараҭара аиҳабы Даурова Инара, ААП аиурист Ӡиӡариа Ӡирасса.

Аусмҩаҧгатә ааиртит ААП Ахада Гагәылиа Г.Л. Иара иазгәеиҭеит ари еиҧш иҟоу аиҿкаара аҧҵара аҵак ду шамоу, анаҩсан иара абзоурала ишалыршахо атуризм аиндустиаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара.

АА ААП атуризм анапхгараҭара аиҳабы Даурова Инара иазгәалҭеит дшазыхиоу ари агильдиа аиҿкаараҿы ганрацәала адгылара азура.