Ажәабжьқәа

Европатәи ауниверситетқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата иаҭааит

16.09.2013

Цәыббра 12, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатаҿ имҩаҧган Апалата ахада Гагәылиа Г.Л. Лондонтәи ауниверситеттә колеџь аполитологиа арҵаҩы аҭҵаарадыррақәа рдоктор Кристен Бакке, Голландиа Леидентәи ауниверситет, аполитикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лии Сеимори Аигиун Джанмаммадовеи рҧылара.

Аделегациа алахәылацәа азҿлымҳан иуадаҩыз аамҭақәа 1992-1993 аш. рзы Геннади Гагәылиа хадара ззиуаз Атәылахьчара азы акомитет, изызҿыз зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы, иарбан ҳасабтәқәоу иазықәгылаз, насгьы аибашьра аамҭазы урҭ ӡбашьаз ирымаз азҵаатәқәа.

Ауниверситет арҵаҩцәа азҿлымҳан адырра,  Аҧсны аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы аҧыза минист иҭыҧаҿы аҳәынҭқарра аусқәа мҩаҧгашьас иамиа зегь реиҳа.Гагәылиа Г.Л. иеиҭеиҳәеи , зегь реиҳа иханы иҟаз азҵаарақәеи урҭ ӡбашьас ирымаз амҩақәеи ртәы. «Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ихадоу усны иҟаз аусқәа иуакын ауаа рыҧсҭазаара аҭышәантәалара» иҳәеит Гагәылиа Г.Л.

Аиҧылара аамҭазы иалацәан аибашьреи аибашьра ашьҭаәьтәи аамҭақәа ирызкыз азҵаарақәа рацәаны. Аиҧылара ахыркәшараамҭазы аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.