Ажәабжьқәа

Франциа иҭыҵит «Аҧсуа-францыз» жәар

07.04.2015

Афранцыз ҭыжьырҭаҿы «L`Harmattan» иҭыжьуп ажәар Мишель Молерба авторс дызмо, ажәар алагоит аҧсуа бызшәа аҷыдарақәа рылацәажәарала. Иара иануп иаҳа ахархәара змоу ажәақәеи ажеицааирақәеи. Аҭыжьымҭаҿы иалоуп иаазыркьаҿу Аҧсназы аинформациа, аҧсуа жәлар рдоуҳатә культура. Иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьаӡатәи ахада Владислав Арӡынба иполитикатә ҧсҭазаареи, Аҧсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьреи, Аҧсны ахьыҧшымра 2008 шықәсазы Урыстәылтәыла азхаҵара рыхҳәаа.