Ажәабжьқәа

Геннади Гагәлиа Аҧсны аҧыза-министрс дҟалеит

25.04.2018

Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны аҧыза-министр имаҵура Геннади Гагәлиа иаҭаразы аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

Ҳаҭыр зқәу Геннади Леонид-иҧа!

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит ҳтәыла аҧыза-министрс шәыҟалара!

Ҳара излаҳаҧхьаӡо ала, шәара ари амаҵура шәаҧсоуп. Ишәымоу апрофессионалтә ҧышәеи, агәамчи, ишәылоу анапхгараҭаратә баҩхатәреи, аиҿкааратә ҟазшьақәеи аҭакҧхықәра ду зцу, иагьыҳараку ари амаҵураҿы ақәҿиара дуқәа раарҧшразы ишәыцхраауеит ҳәа ҳгәы иаанагоит.

Ҿыц шәнапы злашәкуа имариам аус аҿы гәыкала аихьӡарақәа шәзеиӷьаҳшьоит!

Иҟашәҵо зегьы Аҧсныи уи иқәынхо ажәлари ишрыхәо агәра ганы ҳаҟоуп. Даара ҳгәы шәзыбылуеит, ҳагьшәықәгәыӷуеит!

Ҳаҭырла,

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аколлектив