Ажәабжьқәа

Геннади Гагәлиа «Ахьтәы медал» ианашьоуп СНГ-атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара аус аҿы иааирҧшыз алҵшәақәа разхаҵара иадырганы

21.12.2017

Ҧхынҷкәын 20 рзы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиеи уи ихаҭыҧуаҩ Ҭамила Мерцхәлааҧҳаи рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ахәаахәҭра-ааглыхатә палатақәа рхантәаҩцәа реилатәара. Аизара мҩаҧысуан Москва ақалақь, Урыстәылатәи Афедерациа Ахәаахәҭра-ааглыхатә палатаҟны. Апленартә еилатәара ааиртит Урыстәыла ААП ахада Сергеи Катырин.

Амшхәаҧштә азҵаарақәа шьақәгылан атематикатә секциақәа рҟны еихшаны излацәажәоз абарҭ атемақәа рыла: ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рыҿиара, ААП рыспециалистцәеи рнапхгаҩцәеи рзанааҭдырра аизырҳаразы арҵаратә программақәа рымҩаҧгара, МКАС-и, Урыстәылатәи Афедерациа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата афилиалқәеи раҧҵара, 2017 шықәса имҩаҧгаз апроектқәа рылҵшәақәа ралкаара, ҳазҭало 2018-тәи ашықәс азы иҟоу агәҭакқәа.

Апленартә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Ахәаахәҭра-ааглыхатә палата ахада Сергеи Катырин СНГ Апалатақәа рнапхгаҩцәа реидгыла иҟанаҵаз анапынҵала имҩаҧигеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рхадацәа фҩык «Ахьтәы медал» ранашьара иазкык агәырӷьаратә церемониа, СНГ-атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара аус аҿы урҭ иаадырҧшыз алҵшәақәа разхаҵара иадырганы. Даҽа ҩыџьа анапхгаҩцәа ишьахәны рхы ахьаадырҧшыз азы иранашьан I-тәи аҩаӡара змоу адырга.

«Ахьтәы медал» егьырҭ раҧҳьа ианаршьеит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа, иара убри алагьы анашьаратә церемониа аадыртит.