Ажәабжьқәа

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 ш. марттәи ажәылара 21 шықәса ахыҵра

14.03.2014

Иахьа Аҧсны иазгәарҭоит Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 ш. марттәи ажәылара 21 шықәса ахыҵра.

1993ш хәажәкырамза 15 рзы аҧсуа архәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа азааигәара аҳаракырақәа ааныркылеит. Архәҭақәа аӡиас Гәымсҭа ҭыҧқәак рҿы ирны, аҳауеи амшыни рҟынтәи ацхыраара рхы иархәаны Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагар акәын.

Аха хәажәкырамза 15-16 рзы иалагаз ажәылара маншәаламхаӡеит. Хәажәкырмза 17-18 рзы иҟаз аидысларақәа рышьҭахь ацәыӡ рацәа зоуз ҳархәҭақәа уаанӡа иааныркылоз аҭыпқәа рахь ихынҳәыр акәхеит.

Аибашьра ианалага инаркны инҵәаанӡа изхызгаз Аҧсуа ар аибшьцәа ражәақәа рыла Аҟәа ахақәиҭтәразы марттәи ажәылара зегь реиҳа ихьанҭаз жәыларан. Аҧсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы марттәи ажәылара аан 222-ҩык Аҧсуа ар аибшьцәа ҭахеит, шәыҩла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Атәыла иахьаҵанакуа есышыкәса марртә ахҭысқәа ргәаладыршәоит, иҭахаз рбаҟақәеи рнышәынҭрақәеи рахь ашәҭқәеи ашәҭшьыҵәрақәеи наргоит, ацәашьқәа адыркуеит. Аҵараиурҭақәа рҿы аибшьра аветеранцәа, марттәи ажәылара алахәылаҩцәа адҧхьаланы аиҧыларақәа еиҿыркаауеит.