Ажәабжьқәа

III Приднестровиатәи аинвестициатә форум аусура хнаркәшеит

01.07.2013

Иунь 6-7 ақалақь Тирасполь Аҳәынҭқарра акультуратә центр «Ареспублика ахан» аҿы имҩаԥган III Приднестровиатәи аинвестициатә форум.Еиҿкааҩыс иаман Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата, уи ааԥхьарала ари аусмҩаԥгатәы иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата, ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Лышәба Адгәыр Нурбеи-иԥа ихаҿала.

Афорум ахықәкы- аинвестициатә усура ашьҭыхра, аинвестициатә потенциал арбара.

Афорум аусура рхы аладырхәит 360 афициалтә лахәылацәа, урҭ рҟынтз 125- апроектқәа иравторуп, 48-афорум аиҿкааҩцәа, 44- аҳәынҭқарра ахадара, 13- алахәылацәа, 130- аҳәаанырцәтәи аҭааҩцәа.

Адунеи 29 тәыла рхаҭарнакцәа алахәын афорум: Урыстәыла, Украина, Белорусь, Молдова, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Гагаузиа, Италиа, Франциа, Англиа, Бырзентәыла, Шотландиа, Еиду Америка Аштатқәа, Чехиа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Швециа, Австриа, Германиа, Латвиа, Польша, Естониа, Ҭырқәтәыла, Венгриа, Болгариа, Голландиа, Испаниа, Израиль.

Иара убас:

-15 хаҭарнакырҭеи ацҳаражәҳәарҭеи;

-6 ахәҳахәҭра-ааглырратә палатақәа;

-4 жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа;

-2 аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарратә усбаарҭақәа;

-40 аҳәаанырцәтәи акоммерциатә еиҿкаарақәа;

Афорум аҿы иаҵаҩын 105 инвестициатә проектқәа, аекономика еиуеиԥшым аҟәшақәа рзы.