Ажәабжьқәа

Имҩаҧган Аишәа гежь : «Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатақәеи Аурыс-Аҧсуа аустә хеилаки рроль Аҧсны аустә климат аиҕьтәраҿы” атема ала»

15.11.2013

Ноиабрь 15,  асааҭ 15:00 “Москва аҩны” имҩаҧган Аишәа гежь : “Ахәҳахәҭра=ааглыхратә палатақәеи Аурыс-Аҧсуа аустә хеилаки рроль Аҧсны аустә климат аиҕьтәраҿы” атема ала.  Аиҧылараҿы  рхы аладырхәит  Урыстәыла Афедирациа ААП  аделегациа:  Подалко В.И., Васильев Р.М., Сергеев А.Н., Чернышова А.М уҳәа убас егьырҭгьы. Аҧсуа аган ахь ала – Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ахада Гагәылаи Г.Л. , ААП ахада ихаҭыҧуаҩ  Лышәба А.Н., аҧсуа напалакыҩцәа. Аишәа гажь амодераторцәас иқәгылеит Гагәылиа Г.Л., Подалко В.И. Аиҧылара ааиртит Гагәылиа Г.Л. иара иазгәеиҭеит, уи аҧхьа имҩаҧгаз Москватәи ААП АА ААП аусеиуеразы реиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩреи, уажәтәи аишәа гежьи  крызҵазкуа усқәоуп”. Уи ишьҭахь ари атема иациҵеит  Адәныҟаекономикатә еимадарақәа рырҿиара Адепортамент Адиректор Падалко В.И.

Москватәи ААП ахада ихаҭыҧуаҩ, иазгәеиҭеит,  уи аҧхьа знапы аҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра аусура иалагарц шахәҭоу. Ари аиқәшаҳаҭра аҩ-ганк рзы алҵшәа бзиақәа аанагараны иҟоуп.

Адискусиа алахәылацәа рықәгылара ашьҭахь аурыс гани аҧсуа наплакыҩцәеи ргәаанагарақәа еимырдеит.