Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аусуаҩцәеи Очамчыра араион анапалакыҩцәеи реиҧылара
Жәабран 21, имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аусуаҩцәеи Очамчыра араион анапалакыҩцәеи реиҧылара.
АВиҧылара иалахәын: Очыамчыра араион акхадара ахада Џьопуа Мурман Саҭбеи-иҧа, АА ААП ахада ихаҭыҧуаҩ Лышәба Адгәыр Нурбеи-иҧа, АА ААП аусуаҩцәа.
Ахәҳахәҭрак-ааглыхратә палата аусурақәеи амаҵзурақәеи рыла ажәахәқәа рыманы аиҧылараҿы иқәгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата анапхгараҭарақәа реиҳаҩацәа Аџьба Маиа Кәыҷа-иҧҳа, Зекир-оглы Кира Аслан-иҧҳа, Киут Лана.
Аиҧылараҿы иалацәажәан Очамчыра араион аекономикаҿы актуалра змоу азҵаатәқәа.
Иара убас иалацәажәан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатеи Очамчыра араион ахадареи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект.
Аиҧылара аофициалтә хәҭа ахыркәшара ашьҭахь, АА ААП аусуаҩцәа аизара иалахәыз АА ААП акьыҧхьтә аалыҵ рзыршеит, иара убас 2014 шықәса анаплакқәа ктаталог.