Ажәабжьқәа

Имҩаҧысит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа ринвестициатә форум «РосҚрымИнвест»

03.06.2015

Рашәарамза 1-3-нӡа, 2015 шықәсазы Қрымтәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ааҧхьарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ҽаланархәит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Аҩбатәи ринвестициатә форум «РосҚрымИнвест», иара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган Крымтәи Афедиралтә округи, Нхыҵ-Кавказтәи Афедиралтә округи Рхәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Рассациациа аилатәара.

Аусмҩаҧгатәқәа ирылахәын: Урыстәыла Афедирациа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Сергеи Катырин, КА ААП Ахада Александр Басов, Урыстәыла Афедирациа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рхадацәа, аиҳабыреи абизнеси рхаҭарнакцәа. Афорум еиҿыркааит Қрымтәи Ареспублика Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата хаҭарнакра азыруан Апалата Ахада Гагәылиа Геннади, адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рнапхгараҭара азанааҭдырҩа Адлеиба Лорена.

Уи аҧхьа ишьақәыргылаз аиқәшаҳаҭқәа рыла, Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Қрымтәи Ареспублика Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Ари Аиқәшаҳаҭра ахықәкқәа инарықәыршәаны, аганқәа еиқәшаҳаҭхеит наҟ-ааҟтәи афеида злоу аусқәа рымҩаҧгара дара ртәылақәа рзакәанҧҵара инақәыршәаныҩ