Ажәабжьқәа

Имҩаҧысит Китаинтәи анапалакыҩцәеи ААПи реиҧылара

03.06.2016

Рашәарамза 3 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿ имҩаҧган Ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧеи ЗҲәА «Абырфын мҩа» Ахада Цзиан Баоцзиуниа реиҧылара. Аиҧылара иалахәын АА ААП Ахада ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәбеи Агәабзиарахьчара аминистр Анзор Гоови.

Цзиан Баоцзиуниа Аҧсныҟа дааит, иара дызлахәыл Аурыс-Китаи аустә форум ашьҭахь.

Цзиан Баоцзиуниа Аҧсны иаҭаара хықәкыс иаман Аҧсны аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи аимадара абжьаҵареи Аҧсны анапалакратә еилазаара аилкаареи, анаҩс аинвестициатә проектқәа рымҩаҧгаразы.